Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны

0
121

1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа. Аԥсны Актәи Ахада ҳаҭырла дыргәаладыршәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҟны Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхарзы иааз аделегациақәа.

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит. Иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара –Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба, аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра ахаҭарнакцәа. Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҟны Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднесторвие рҟынтәи иааз аделегациақәа рнапхгаҩцәа. Аибашьраҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. «Аиааира Амш Аԥсны Аҳәынҭқарра анаҩстәи ашьақәгылареи аҿиареи рзы алшара ҳанаҭеит», – ҳәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа Аԥсны зегь реиҳа ихадоу аныҳәақәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ахьӡ-аԥша згым афырхацәа зааӡаз анацәа дрыдныҳәало иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку арратә парад мҩаԥысит Ахақәиҭра ашҭаҿы. Аԥсны Арбџьармчқәа Рхада Аслан Бжьаниа аԥсуа жәлар ари аныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аԥсны ахада иқәгылараҟны иазгәеиҭеит, Аиааиреи ахақәиҭреи рымш ҳажәлар зегьы анеицгәырӷьо иамшныҳәоуп, аха уи иацуп алахьеиқәрагьы ҳәа.

«1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы бџьарла еиқәных Аԥсны иалалаз аӷа игәҭакы наӡазҭгьы, ашәарҭара иҭагылоз Аԥсуа ҳәынҭқарра мацара акәмызт. Усҟан аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылон аԥсуа жәларгьы. Аха ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирыбзоураны еиқәырхоуп ҳажәлар, еиҭашьақәыргылоуп Аԥсуа ҳәынҭқарра! Ҳажәлар рзы разҟ дуун иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы Анцәа дахьҳаҭәеишьаз зыԥсадгьыли зыуаажәлари рзы зхы иамеигӡоз, еицҿакны ажәлар зегьы зыгәра ргоз Аԥыза – Владислав Арӡынба! Уи Аԥсны ахьчаразы иажәа аӡәк иеиԥш иахаҵгылеит ҳаибашьцәа. Урҭ ирывагылеит аиашара ҳара ҳганахь ишыҟаз еилызкааз Аԥсны иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы. Ҳаԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла ҳхала ҳаанырмыжьит Нхыҵ Кавказ инхо ҳашьцәа, аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа, убас, Урыстәыла ахаҭарнакцәа», – иҳәеит Ахада.

1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира Амш – Аԥсны реиҳа акрызҵазкуа аныҳәақәа ируакуп. Цәыббра 30 рзы атәыла ахи-аҵыхәеи иахьабалак агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп.

Ахақәиҭра ашҭа ианысит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи аныҳәа аҽалархәразы ареспубликаҟа иааз ахатәгәаԥхаҩцәеи.

Ахақәиҭра ашҭахь инаргеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аиааира абираҟи. Атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи апарад анапхгаҩы Беслан Ҵәыџьбеи рмашьынақәа еиԥылеит. Ҵәыџьба адырра ҟаиҵеит апарад иалахәу аусбарҭақәа зегьы уи ақәсра ишазхиоу.

Апарад иалахәын Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәа зегьы, иара убас амчратә усбарҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа – Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Амиграциатә маҵзура, Аҳазалхратә еилакы, АҶА, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура, иара убас ихьанҭоу атехникеи авиациеи.

Раԥхьаӡа акәны сынтәа Аиааира апарад иалахәын Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу ҩ-гәыԥк, урҭ ирылахәын иҷыдоу аҟәша аибашьцәеи амилициа ашкол акурсантцәеи.

Есышықәса ишаԥу еиԥш, сынтәагьы апарад иалахәын 7-тәи аурыс арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ иатәу Аҳәаахьчаратә маҵзуреи, иара убас ареспубликаҿы инхо аказакцәеи.

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz