Милаҭытә Бираҟ Мышы, Аҧсны еиҿкааз акциақәа рҿы иныҳәан. Аҧсуа Ҟаза Валери Гамгиа иеиқәиыршәаз Аҧсуа Милаҭытә Бираҟ, Ҧхынгәымза 23, 1992 ашықәсан ақәшаҳаҭра аман.
Аҧсны Милаҭытә Бираҟ аҿы, ҧышьба иаҵәаны, ыхҧа шкәакәаны быжь цәаҳәа ҟоуп. Хахьтәи цәаҳәа иаҵәоуп. Хахь армарахь акәақь аҿы ҧшьырқца ҟаҧшьк ҟоуп. Ҧшьырқца агәыҭаны, ишкәакәаны, аҩада иҩархо уаҩык ихту иарҕьа напсаргәыҵа убарҭоуп. Ауа изы гәахәадкылара, аҕа изы аанкылара аанарҧшоит. Хәыкәақь змо быжь аеҵәа, Аҧсны быжь ҭоурыхҭытә ҭыҧ иазкыуп. Саӡ (Џьигьеҭиа), Бзыҧ, Гәыма, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ҧсҳәы-Аибга.