Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Ацәыргақәҵа

Ацәыргақәҵа «IS» – иаҳхысыз аамҭа амаӡақәа ҳзаазыртуаз, аха иқәццышәаа ицаз асахьаркыратә ҟазара арҿиамҭақәа ирызкуп. Амцабз иахәхаз ахьыршәыгәқәа ирцәынхаз ахәеи арацәеи заҵәык роуп. Иблит ажәлар рҭоурых, рдоуҳа, рхәыцра аазырԥшуаз артефактқәа. Аха, иагьа ус иҟазаргьы, ари арыцҳара ашьҭахь аҟазараҟны аиҭаира, аиҭаҿиара ҟамлар ауам.

Асахьаҭыхыҩцәа иблыз артефактқәа бла ҿыцла ирыхәаԥшны, урҭ рҭыԥан иаԥырҵо иалагеит аԥсҭазаара ԥхьаҟа ишцо, ауаҩытәыҩса игәалашәара ус иаалырҟьаны ишҿымцәаауа шьақәзырӷәӷәо аԥҵамҭақәа. Абарҭ ацәыблыхақәа рҿы ижәбар шәылшоит агәалашәара шмыӡыз, аԥсҭазааразы ақәԥара шаҭаху. Иблыз арҿиамҭақәа ирцәынхаз ахәҭақәа хаз-хазы ишыҟоугьы, иааидкыланы аҟазара ишахәҭаку аадырԥшуеит.

Ари ацәыргақәҵала ҳара иҳалшоит иҳахьыз арыцҳарақәа, аполитикатә еибарххарақәа, ацәыӡқәа рышьҭахь аԥсҭазаара ҿыц ахь ашьаҿа аихгара шаҭаху аилкаара. Ацәыргақәҵа «IS» иабзоураны аҟазара убри аԥсҭазаара азықәԥараҟны хәы змам маругахоит. Џьарак итәам, ԥхьаҟа ихәыцуа ауаа ирыбзоураны абарҭ ашьаҿақәа абранӡагьы иааит.

2024 шықәса ажьырныҳәамза 21 рзы Аҟәа иблит Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа иатәыз асахьақәа ахьышьҭаз ахыбра. Акыр аҭоурыхтә артефактқәеи архивтә документқәеи блит. «IS» – амшын егьи аԥшаҳәаҟны иблыз, иӡыз, аха зышьҭа аанзыжьыз ахыбра иацырҟьоуп. Аусумҭақәа рыхәҭа хәыҷык аиқәырхара рылшеит асахьаҭыхыҩцәеи аҟазара абзиабаҩцәеи. Ҳара убри абылра зыла иабаз ҳҩызцәа-асахьаҭыхыҩцәа 10-ҩык рзы ацәыргақәҵа еиҿаҳкааит. Урҭ амца иалыргаз, ицәыблу аусумҭақәеи, урҭ ирцәынхаз арацәеи ахәеи ирылхны арҿиамҭақәа аԥырҵеит, агәалашәара мыӡырц, абри аҩыза арыцҳара ҟалазаргьы, аԥхьаҟа аԥсҭазаара шышьҭо атәы рҳәарц. Асида Аҳәба, Адамыр Аршба, Аԥшьа Ҳагба, Асҭанда Чамагәуа, Баҭал Џьапуа, Сабина Кәарҷелиа, Диана Хынҭәба, Олег Ҷедиа, Саида Кәыҵниа, Сипа Лабахәуа русумҭақәа цәырган цәыббрамза 5-19 2024 шықәса рзы Barın Han аҿы, ацәыргақәҵа акураторцәа – Денеф Хуваџь, Сине Ергьун.

Yazarın Diğer Yazıları

Kuşha Doğan ile Xabze üzerine…

Uzunyayla Kafkas Kültür ve Yardımlaşma Derneği’nin (İstanbul) düzenlediği kahvaltının konuğu Kuşha Doğan Özden olacak. 26 Nisan Pazar günü saat 10.30’da başlayacak etkinlikte Kuşha Doğan...

“Kökler ve Kanatlar” okurlarıyla bir araya geliyor

Mısost Ayşen Göksu Dağıstanlı, Papirüs Yayınları etiketiyle yayımlanan “Kökler ve Kanatlar-Çerkes Aile Hikâyeleri” adlı kitabını imzalamak ve söyleşiye katılmak üzere 18 Nisan’da Ankara Çerkes...

“Cümrı” sahneleniyor

İstanbul Kafkas Kültür Derneği (İKKD) bünyesinde çalışmalarını sürdüren Worşer Tiyatro’nun “Cümrı” adlı oyunu 26 Nisan Pazar günü İstanbul seyircisiyle buluşacak. Sanatçı Dug Aysel Yıldırım yönetmenliğindeki...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img