Аҧсны иҭыжьуо ажурнал Алашара, Жәабранымза 23 амш 70 шықәса ирҭаглит. 1955 ашықәс аахыс мыӡыҧхьаӡа иҭыжьхо ажурнал аҿ, литература, ҭоурых, фолькльор, ет‐ нологиа жанрқәа ирызку астатиақәа ҭыҧ ааныркылоит. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәҟәыҩцәа Реидгыла иҭыжьнатәуо, 500 тираж змо Алашара, ашәҟәыҩы, апоет Анатоли Лагәлаа редактор хадас дамоуп.