Исҭанбул Аҧсуа Культура Ахеидкылаҿ аҽазыҟаҵара иаҿыз Ридаде Ансамбл, «Аныха-Иеизаку Ҧхыӡқәа Рыдгьылқәа» ахыхьыӡ ала асезон анҵәамҭа ақәгылара, Рашәарамза 22 амш, Иусқьудар, Баҕларбашьы Конгрес-Культура Сентр аҿы имҩаҧнагит. Арҵаҩыс Хумсач Бурақ Қумашь дызхагыло агәыҧ, уи ада Нарҭ Ансамбл, Мазенеф акәашара гәыҧқәагьы злахәыз, Сақариа еиҿкааз, «Кавказ Аҿар Фестваль» иалахәит. Акциа, Саҧанџьа Қырқҧынар Ачық Ҳава Театр аҿы имҩаҧган.