Ахатәы бызшәа ауп жәлар рхеиқәырхага!

0
1257

«Аԥсуа ҳәынҭқарреи аԥсуа бызшәеи рԥеиԥш еицраҳәоуп, еидҳәалоуп. Аԥеиԥш аԥсуа бызшәа иамазар, Аԥсуа ҳәынҭқаррагьы иамоуп, абызшәа иамамзар, аҳәынҭқаррагьы иамаӡам.»
                                                                                                        В. Г. Арӡынба.

Абызшәа – ажәлар ркультура, рдоуҳа, рҵас, рқьабз ныҟәнагоит, иарҿиоит. Бызшәада изыҟалаӡом ажәлар, урҭ ирымаӡам анҵыра. Збызшәа ззеиқәмырхаз ажәлар рдоуҳагьы ԥсуеит, рынаур ауп иаанхо.

Ахатәы бызшәа хәы амаӡам иалацәажәо рзы. Ахатәы бызшәа алоуп асаби ацәажәареи ахәыцреи дшалаго. Уи иаԥхьаҟатәи иеизҳараҿы шьаҭас изыҟалоит, иԥсҭазаара зегьы ҳәаақәнаҵо иҟалоит. Ахәыҷы ихатәы бызшәа ауп раԥхьаӡа акәны изцәырызго ижәлари иԥсадгьыли рахь абзиабара. Зхатәы бызшәа ала зцәажәара ахы зкыз дарбанзаалакгьы ишьҭимкаар залшом ахы аҳаҭыр ақәҵареи, ахатә ҭоурыхи, акультуреи, аҵаси, ақьабзи рыхӡыӡаара. Уи ацәанырра ҷыда даҽакы еиԥшым.

Адунеи аҟны ахатәы бызшәа ажәлар рыԥсҭазаараҿы иааннакыло аҭыԥ азгәаҭаны, 1999 ш. азы Франциа имҩаԥысуаз ИУНЕСКО аконференциа Хада 30-тәи аилатәара аҟны иазыӡбан абызшәақәа рыхкырацәара адгылара аҭаразы, ахатәы бызшәа жәларбжьаратәи амш азԥхьагәаҭара. Жәабранмза 21 2000 ш. инаркны адунеи аҟны ажәларқәа зегьы иазгәарҭоит ахатәы бызшәа амш.

Жәларбжьаратәи ахатәы бызшәа амш азгәаҳҭоит аԥсуаагьы. Ари амш аҽны аҵараиурҭақәа зегь рыҟны имҩаԥыргоит аилатәарақәа, асеминарқәа, аконкурсқәа. Иазгәаҭатәуп, аԥсуа бызшәа ижәытәӡоу абызшәақәа ишырхыԥхьаӡалоу. Ус шакәу агәра ҳнаргоит иара абызшәа ахаҭа аҩнуҵҟатәи аилазаашьа, аструктура.

Ҭоурыхла ҳара иаадыруеит аԥсуа жәлар рбызшәеи рыԥсадгьыли реиқәырхаразы ирхыргахьоу, ирылшахьоу. Аԥсуа бызшәа иахьа Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа астатус амоуп. Аха иахьа уажәраанӡагьы иахәҭоу аҩаӡараҿы игылам аԥсуа бызшәа.

Аҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхареи арҿиареи хықәкыс иҟаҵаны 2007 ш. абҵара мза анҵәамҭазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада С.У. Багаԥшь ихаҵгыларала апарламент ирыдыркылеит «Аԥсуа бызшәазы азакәан». Аха иахьа уажәраанӡагьы уи азакәан ақьаад аҟны инханы иҟоуп, ахархәарахь аиагара уадаҩхеит ҳамҳәозар.

Имаӡам, аҳәынҭқарра аиқәырхараҿы ихадоу афункциа аҳәынҭқарратә бызшәа ишамоу. Аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәак аҳасабала иахәҭоу аҭыԥаҿы иҟаларц азы инагӡатәу аусқәа рацәоуп, иҟаҵоу шмаҷымгьы. Ишдыру еиԥш, ахәҷы аҭаацәара ауп еиҳарак дзааӡо, абызшәа иҩны ишьҭикаар ауп, ԥхьаҟа ихы иаирхәаларц азы. Абраҟа аҭаацәара рыхдырра ибзианы аус ауроуп. Ахәыҷы ихатәы бызшәа ала ацәажәара далагарц азы иаҭахӡам аԥара, уи азы ани аби ирызшәалатәӡам ауалафахәы.

Дарбанызаалак ан, аб рыхдырраҿы инеироуп ахатәы бызшәа ада рыхәҷы ишимам     ԥхьаҟатәи аԥеиԥш. Ауаҩԥсы ихатәы бызшәа иалшо, иамоу амч, адоуҳа, аҳракыра атәым бызшәа инаҭаӡом. Ан лыхшара дшылыхьчо еиԥш ауп ахәыҷгьы ибызшәа дшахьчо, дшааӡо.

Абызшәазы азакәан иагьа аус аургьы иаиуӡом алҵшәа аҭаацәа еилырымкаакәа аԥсуа бызшәа аҭыԥ, ароль. Ахәыҷы иан лыбызшәоуп ԥхьаҟа иара изы ихатәы бызшәахо, убри аҟнытәи иаҭахуп ари азҵаара ииашаны азнеира, алҵшәа аиуртә еиԥш. Аԥсшәа ззымдыруа дшаԥсыуам деилыркаатәуп.

Аҭаацәа рнаҩс аԥсуа бызшәа аиқәырхаразы ирыду аҭакԥхықәра азҳароуп Аԥсны Ахадара иахагылоу рыҟны. Уи ипсихологиатә фактор хаданы иҟоуп ажәлар рзы.        Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа аусшәҟәқәа зегьы аԥсышәала ишьақәгылазароуп, аиԥыларақәа, аизарақәа аҳәынҭқарратә бызшәала имҩаԥыслароуп аиҭагаҩ далархәны. Азакәан аус аируроуп Аԥсны Ахада ихаҭарала, иҿырԥшы ала. Дарбанызаалак анапхгаҩы иахәҭоуп ҳәа акәымкәаны иусураҿы ари азҵаара гәыла-ԥсыла дазнеироуп.
Жәытә-натә аахысгьы аԥсуа ихаҿра, иаԥсуара, ибызшәа ҵәатә шьаҟаны иаҵагылоу аԥсуа қыҭақәа роуп. Ақыҭа иалҵуаз ракәын ҳабацәа ртрадициа бзиақәа еихаҳаҩцәас иаиуаз, абызшәа меицакрада, хәашьрак аламкәа изҳәоз. Аха иахьа абызшәа хәанчахо иалагеит, аԥсуа қыҭа цқьақәа рҟынгьы ана-ара иуаҳауа иалагеит аурыс бызшәа. Уи апроцесс шьаҭанкыла иузаанкылом, аха иазыԥшаатәуп амҩақәа. Иԥсахтәуп абызшәа азнеишьа асистема шьаҭанкыла. Аԥсышәала ацәажәара, аҩҩра, ателепрограммақәа рымҩаԥгара ихадоу акы акәны иазнеилатәуп. Дара имҩаԥгахо аусқәагьы рхаҭабзиара акырӡа иҳаракызароуп, убас иахагылоу аиҳабацәагьы рхаҭақәа рбызшәа, ркультура иазгәдуны ишыҟоу рныԥшуазароуп, ҳәарада, рдырра аҳаракыра, аҵаулара.

Иахьатәи аамҭазы, аԥсшәа зегьы еицзеиԥшны иаҳҵартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵаӡам ҳҳәынҭқарра аҩнуҵаҟа, избанзар иахьатәила макьана иҟаӡам аԥсышәала мацара ихарҭәаау арҵаратә цикл змоу ашколқәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа. Ииашоуп, абызшәа миллионҩыла иахьалацәажәогьы апроблемақәа маҷӡам, убарҭқәа азгәаҭаны ҳара ҳбызшәа ҳаиҷаҳалароуп, абызшәадырҩы В.И. Чыргба иажәақәа рыла иаҳҳәозар «абызшәа иалацәажәо рхыԥхьаӡара акәӡам аус злоу, аус злоу абызшәа астатус ауп, аҳаҭыр ауп, ауаажәларра рсоциалтә, рекономикатә ԥсҭазаараҿы рольс инанагӡо ауп». Аԥсҭазаараҿы ԥсыхәа змам ыҟаӡам, иаҭаху ахдырроуп, азнеишьа иашоуп.

Ҳазҭагылоу аамҭазы имаҷӡам иҟаҵоу ажәалагалақәа аԥсуа бызшәа аиқәырхаразы, аха хықәкыла абызшәа иацхрааша, апрактикахь ииаганы ахархәара ззуша маҷуп ҳамҳәозар. Ари азҵаара аӡбараҿы иахәҭоуп ажәлар зегьы еицырзеиԥшу, еицырзыманшәалоу амҩа алхра. Иаҭахуп ахдырра ҳаракы аарԥшра.

«Абызшәа, издыруа ахьмаҷу азыҳәан акәӡам, издыруа иахьырымҳәауа амшалоуп изықәӡаауа» – абас рҳәоит абаскқәа. Абри ажәаԥҟа иаҳәо аҵакы нагӡаны иаанарԥшуеит иахьа аԥсуа жәлар ҳбызшәа ҳшазыҟоу аҭагылазаашьа.

Абызшәа алахьынҵа аӡбара зылшо изтәу ажәлар ҳауп. Ԥсышәала ахәыцра ҳалшонаҵы ҳбызшәагьы еиқәханы иҟазаауеит. Мшын нырцә иҟоу ҳашьцәа дуқәеи ҳареи ҳажәҩахыр еибыҭаны хҭак еицҭаҳаршәуанаҵы, ӡбашьа змам азҵаара ҟалаӡом, џьаргьы ԥынгыла ҳауӡом. Ҳахьыҟазаалакгьы иаҳҭахуп аидгылара, аихаҵгылара, аҳәатәеиқәшәара. Ҳбызшәеи ҳҳәынҭқарреи рызҵаара аӡбара цәырҵӡом Аԥсны ахи аҵыхәеи мшын нырцә иҟоу ҳашьцәа рыла иқәырҭәааны ианаҳзыҟаҵа.

Габниа Дифа
Аԥсуа литература акафедра арҵаҩы

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz