Аҟәа, Аԥсны Амилаҭтә банк аҟны аԥара амузеи аатит лаҵарамза 14 рзы. Уи раԥхьатәи аҭааҩцәас иҟалеит ажурналистцәа, дара рзы хықәкыла аексурсиа мҩаԥыргеит абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиеи амузеи адиректор Асҭамыр Ҭаниеи.
Амузеи аартра аидеиа далацәажәо Беслан Бараҭелиа иҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы абанк активла аԥараҿарпи анумизматикатә усхкқәеи раларҵәара ишаҿыз. Абанк анапхгара жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәеи аконференциақәеи иахьрылахәыз ирыҵанаҳәеит Аԥсны иахьаҵанакуа абас еиԥш ҭыԥк еиҿкаазарц, абанк иҭнажьхьоу аԥсарқәа зегь ахьцәыргахаша. Наҟ-наҟ ари аидеиа еиҳагьы иҿиеит, атәылаҿы жәытә аахыс ахархәара змаз аԥара ҿырпқәа зегь џьарк еидкылахарц азы.
Бараҭелиа еиҭеиҳәеит амузеи аҟны ишымҩаԥысло аҭҵаарадырратә усмҩаԥгатәқәа, еиуеиԥшым аҭҵаарақәагьы.
Ҿыц иаатыз амузеи адиректорс дҟалеит еицырдыруа аԥсуа политикатә, ауаажәларратә усзуҩ, анумизмат Асҭамыр Ҭаниа. Уи иажәақәа рыла, есааира ахаҭәаара иаҿу амузеи афонд уажәнатәгьы Аԥсны иахьаҵанакуа ԥарас иныҟәыргоз зегь амҽханакуеит, ҳера ҟалаанӡа V-тәи ашәышықәса инаркны иахьатәи ҳаамҭанӡа. Ҭаниа ишиҳәаз ала, амузеи афонд шьақәгылоуп аԥараҿырпи абонқәеи рыла (абанкнотақәа, ма аԥара зыԥсахуа егьырҭ ақьаадқәа, акциақәеи авексельқәеи реиԥш иҟоу – аред.), зегь реиҳа ихаҭәаау аҟәша – Аԥсны абанк иҭнажьуа ҳаамҭазтәи агәаларшәагатә аԥсарқәа роуп.
Амузеи адиректор еизаз ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит 1917 шықәсазтәи октиабртәи ареволиуциа ашьҭахь Аурыс империа анеилаҳа, уи афинанстә системагьы анхабгала, аинфлиациа ду ҟалеит ҳәа, аҳәынҭқарра иалшомызт ауааԥсыра рызхара аԥара аҭыжьра. Ахәқәа ирыцлон, акризис ду ҵысит. Уи Урыстәылатәи аимпериа ахьынӡанаӡааӡоз зегьы иахкьысит, Аԥсны аҵакырагьы уахь иналаҵаны.
Ҭаниа иҳәеит убасгьы Аԥара амузеи азы алоготип алхра шымҩаԥысуаз.
«Ҳара ҳлоготип – Колхидатәи агемидрахма (ажәытәбырзен ԥара адрахма азбжак – аред.) аверс астилизациоуп, уи ахархәара аман ҳера ҟалаанӡа V-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи IV-тәи алагамҭеи рзы. Абри аԥара зегь рыла ҳмузеи аҵакы аанарԥшуеит, избан акәзар иаралоуп Аԥсны инарҭбааны аԥареикәыршара ахы шакыз», – иҳәеит Ҭаниа.
«Ҳара иҳаӡбеит абри аҭыԥ нап адаҳкыларц, ахыбра ду иадҵаны, адәахьтәи алашара злааиша ак ҳаӡбарц: убас иҟаҳҵеит уажә ҳхаҿы ижәбо ахышәқәа, асаркьа иалԥшы иааиуа амрахәага иабзоураны ауада лашеит, иԥшӡахеит, уаҩы игәы иахәартә иҟалеит», – ҳәа лусура иацыз акәамаҵамақәа ртәы еиҭалҳәеит архитектор.