Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Амилаҭтә банк иҭнажьит “Аԥсны аԥстәқәа” ирыҵаркуа аԥараҿырпқәа хԥа

Амилаҭтә банк иҭнажьит “Аԥсны аԥстәқәа” ирыҵаркуа аԥараҿырпқәа хԥа ҳәа аанацҳауеит абанк асаит. 

Агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа: “Абнацгәы” (лесная кошка – азгә.), “Аҧыҭҳәа” (рысь – азгә.), “Алышькьынтыр” (леопард – азгә.) рсахьа ҭихит Баҭал Џьапуа. Иара иажәақәа рыла иусура акраамҭа агеит. 

“Акырынтә аескизқәа сыԥсахит. Атехнологиа акыр ицәгьоуп. Ари маҷк иуадаҩын. Ԥстәы-цыԥхьаӡа ҷыдала асахьа ҭыхтәын. Сгәаанагарала алышькьынтари аԥыҭҳәеи еиҳа иугәаԥхартә иҟалеит абнацгәы аасҭа. Ара аԥараҿырп агәҭаӡагьы аҵакы аман – 0,7 миллиметра, аҽықәӡара уадаҩын”, – ҳәа иҳәеит асахьаҭыхыҩ. 

Амилаҭтә банк азы Баҭал Џьапуа иазирхиахьан Аибашьра ду аҿы аиааира 75-шықәса ахыҵра иазкыз аԥараҿырп, “Аԥсуа шәарыцаҩ”, “Аубых ҭауади иааӡамҭеи” уҳәа егьырҭ аусумҭақәеи. 

Баҭал Џьапуа иҳәеит Амилаҭтә банк агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа рҭыжьрала аԥсуа жәлар рҭоурыхи ркультуреи аанарԥшуеит ҳәа. 

“Аԥараҿырп аԥҵарала Амилаҭтә банк аполитика аҵак ду амоуп. Аҳәынҭқарра ахатә ԥара анамоу ауп ианҳәынҭқарроу. Абанк ахатә музеигьы аанартит. Ари аҩыза адунеи аҿы ирацәам. Ааигәа Аԥсны абанк аполитика иалацәажәеит лондонтәи ажурнал. Авторцәа ирҳәоит хаҭала иузымбозаргьы арҭ аԥараҿырпқәа виртуалла рбара иаԥсоуп ҳәа. Ари акыр аҵанакуеит” – иҳәеит иара. 

Аԥараҿырпқәа дасу 300-300 цыра ыҟоуп. Рыҭира мҩаԥыргоит ареспублика акредиттә еиҿкаарақәа. (sputnik-abkhazia.info/) 

Yazarın Diğer Yazıları

‘Kültür Başkenti’ Grozni

Çeçenya’nın başkenti Grozni 2025 yılının “Kültür Başkenti” seçildi. Moskova’da yapılan final oylamasında Nijni Novgorod, Samara, Kaliningrad, Tomsk, Cheboksarı, Novosibirsk, Çita ve Grozni şehirleri yarıştı...

Vefat: Atrışba Kafkas Kamil Öztürk

Abhazya Savaşı Kahramanı ve Gazisi, Hendek Yeşilvadi Köyü’nden Atrışba Kafkas Kamil Öztürk vefat etmiştir. Ailesi, yakınları ve sevenlerine sabır dileriz. Tha bu acıyı unutturacak başka...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img