Ажәақәак аԥсуа хацәа ирыхҳәааны

0
418

(Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа аҟнытә)

Аҭоурых ҭҵааҩы Агәажәба Ҳаџьараҭ-иԥа

Руслан иҿцәажәара

Ахәҭа -3-

Кәыџ Капыт 

Урыс фыцарк Ҟабарда даан, ҟабардаа дрықәлеит. Уа баа дук гылан. Ар иман дтәоуп. Хәҩы-фҩы аказакцәа рылеиҵоит. Ацә ргоит, ажә ргоит, ишаны еимыҵәҵәаны ирфоит. 

-Аурыс даан ҳақәихт, цхыраарак ҳашәымҭозар, акгьы ҳзыҟамҵеит. Аурыс ҳаигеит! – рҳәеит ҟабардаа. 

Аизара ҟарҵеит. Кәыџ Капыта иқәырҵеит: – Уара уцароуп аурыс иахь, – ҳәа. 

-Ибзиоуп, – тҳәеит Капыт дҩагыланы, – сымала сцоу, аӡәыр сыцшәҵоит. 

-Аӡәы дышԥаумго, зан илеиԥшым ауаа шәалҵ, ахаҵеиқәа зшьоу, – ҳәа рҳәеит иҳәеит. 

Абри аамҭазы, шәгәышәҽаныз, шәҽырхианы шәыҟаз, – убыс реиҳәеит: – Абри амш аҽны сара сцоит, аха ахәыҷы, аду, аҭакәажә, алыгажә – зегьы абра шәеизароуп. Ажәак шәырҳаны сцоит, – иҳәеит Кәыџ Капыта. 

Ианреиҳәа аҽны даргьы еизеит. «Абриаҟара еицу ауаа ҳаибганы ҳаауа» ҳәа акәырбан иқәиҵеит. 

Ҟабарда днеит. Уа дахьнеиз, ауаа еибарҵәыуо итәоуп. Ишыҟаз аказакцәа аакылсын, атах-сахҳәа иааныркылан, иган иҭаркит, аказакцәа. Кәыџ Капыт иоуп иҭазкуа. Ианы афатә-ажәтә рымгозеи? Аказакцәа руаӡәы аԥҟаҩҳәа иҽы днасын дыҩзаап. Ари шьапыла дыҟан, аха дыҩны дихьӡан дикит. Дыкны дааиган, иҭаикит иҽгьы иаргьы. Ар иман днеин. Иҭаҳарашәа иҭыҵны ишаауаз анырба, абаа акылҳарақәа иамаз рҿынтә аҟәҟәаҳәа ирыларҵеит. Капыта уаҳа дымхысит. Иаргьы хык имаахаӡакәа, имаҭәагьы хык ацәхамсӡакәа иҳәеит, даан ашьшьыҳәа даакәшаны абаа ашьапаны днатәоит. Абни акәырбан ҟаҵаны данықәҵуаз еиԥш, акәырбан ааҟаиҵан, абаа ашьапаны длатәеит. Абаа итәаз арахь изҭыҵӡомызт. Аҩныҵҟа иҩнахеит. Идәылҵаз иара ишьуан. Анахь ицақәоз уахь иҭаикхьан. Афицар аҩныҵҟа дҭатәоуп. Уа крифоит. Ашьҭахь афицар ус адырра ҟаиҵеит: – Иҟалозар, – иҳәеит, – снеиуеит снаушьҭуазар? 

-Ибзиоуп, уааи, – иҳәеит. 

-Снеиуеит, аха сшәоит. 

-Са схаҵоуп, сыԥҳәысым, – иҳәеит. – Умшәан, уааи, усшьуам, иҳәеит. – Уааи ҳәа ануасҳәа, ужьаны усшьуам. Усшьуазаргьы, – уа уахьыҟоу минуҭк ауп, – иҳәеит Кәыџ Капыта. 

Ашә аартны данаадәылҵ, – даагәыдикылт. 

-Даара иҭабуп! – иҳәеит аурыс. – Уа уеиԥш ахаҵа сааихуеит ҳәа иԥхасшьаӡом, усымшәа иҟоу аӡәы сааихәар ҳәа сҳәон акәымзар, – иҳәеит. 

Еинаалеит. Аурыс дықәҵырц иақәикит. Уажәы дцоит, арахь акгьы илымшеит. 

-Иҟалозар, ажәлар икны иҭоукыз сыҭ, – иҳәеит. 

Иоушьҭын иааит. Абни ҽыла иҩны иикыз имуит, иҳәеит: 

-Сара ҽыла сыҟаны, иара шьапыла дыҟаны, дсыхьӡаны сызкыз ауаҩ ихы садикылозар, иашьас сизаагылоит аҷыдахаз, сара сҩызцәа рҿы сыла сызхтӡом, – иҳәеит. 

Капыта иҟны, уи аурыс иҽиҭаны даагылеит. 

Убас Артур Аншба изеиҭеиҳәон акрызбахьоу абырг Кәыџба Мураҭ, 1969 ш. азы. 

  

  

Асланбеи Гьечба иашәа 

Аӡқәа ирныԥшуеит Џьигьеттәыла рышьхақәа, 

Ашәақәа рҿы ирныԥшуеит ахацәа рыхьӡ-аԥша. 

Ухы еиланаргьежьуеит арыжәтә, 

Аха еиҳа амч амоуп ахацәа-рхацәа рыхьыӡ. 

Ашьха ӡыхь аҿы амч аиауеит ашьауардын 

Ахаҵа амч ииауеит ашәақәеи аҳәамҭақәеи рҿы. 

  

*** 

Гәырӷьара дуӡӡак Аԥсуаа ртәылаҿ, 

Асланбеи Есма Мас-иԥа рҭыԥҳа 

Ԥсҳәынтә иҩныҟа данигоз. 

Асасцәа дахьқәа иҩны еизеит 

Аԥсуаа иреиӷьыз рарԥарцәа, 

Асланбеи аибашьраҿ ивагылаз 

Игәырӷьара еицҩыршон. 

Гәырӷьаран, кәашаран 

Аҳамҭақәа ирызнаргоз 

Ҵҩа рымамызт 

Аԥсасеи, ашьалаҟеи шәкы-шәкыла 

Ауарҳалқәа, ацәҩыга, абырҩын маҳәа… 

Шәаҳәаран-кәашаран, иччон-ихәмаруан, 

Аҽқәа дырҩуан… 

Дыԥшӡаӡа амҳараҿы лҩызцәа аҭыԥҳацәа 

Илыкәыршаны дгылан Есма-иԥҳа. 

  

*** 

Алашә Азамаҭ аԥхьарца ианцаны 

Ажәытә ашәақәа шныҳәоз, 

Аҽышьҭабжьы, абџьар ашьҭабжь игеит, 

Ирылаҩит – «Аурысқәа ааиуеит!» 

Ҩыџьа арԥарцәа ҽыла иаареит ари ажәабжь. 

Сааҭк ныҟәара акәын ирыгыз ақыҭа алаара, 

Иаразнак аҳәсеи хәыҷқәеи рыҽԥхьаркит, 

Асланбеи иҩызцәеи иҩҩыжәлан, 

Аурысқәа ирабашьырц рҿынархеит. 

Ачарҳәаҩ хәымга маӡала иреиҳәеит 

Асланбеи агәырӷьара шимаз. 

Маӡала ҳнеины, аԥсуаа ҳрыжәлап 

Ҳа иакәырхит, ирызгәарҭаӡом ҳа 

Ргәы иаанагом. 

Маӡа мҩахәасҭақәа рыла 

Игеит ир Асланбеи хаҵа. 

Аҽцәа хыџьери ишеит 

Мацесҭа аӡиас, ҩыџьараны ахьеҩнашуа. 

Еилҟьаӷәыцәаа иҟаз х-ҩык арԥарцәа, 

Зыбла ҵарыз – ԥшыхәра ишьҭит Асланбеи. 

Дара зегьы гәаҭаны ианыгьежь, 

Асланбеи ир аҩхәҭак абнаҿы иҵәахит, 

Ахԥатәи ахәҭа иара раԥхьа днагыланы  

Аӷа дижәлеит. 

Маҷк инеиҿахыс 

Ауры сир дырцәыбналеит. 

Дара ирышьҭаны иреихсуа рҿынархеит. 

Аха, аӷьеҩҳәа дааҳәит Асланбеи, 

Раҳәақәа ҭыхны, иреихсуа, 

Х-ганк рыла аурысқәа ирықәшаны 

Аӡиас иҭарцалеит. 

Иреихсуа аҟәараӷла (архан) 

Шә-ҩык раҟара ирҳәынҷеит 

Даара ирацәаҩны ирыцәҭахеит 

Ақыҭа иажәларц згәы иҭазар. 

  

*** 

Рҳәатха рхыхны аибашьцәа рыҩныҟа ихынҳәит 

Гәырӷьара дуны аԥсуа итәылаҿ. 

Ихьӡ ҳаракны ашәаҟны ирҳәон Асланбеи хаҵа, 

Аха дырхамшҭит аинрал Муравиов, 

Аҳамҭа дуқәа ачаразын ирзаанижьыз. 1845 ш. аԥхьарцаҳәаҩы алашә Азамаҭ иҿынтә ианиҵеит анемец ҵарауаҩ Фридрих Беденмтедт. Изеиҭазгаз Шәлиман Ашәанба. Адлер 

  

*** 

Аԥсуаа Шеих Шамил ибзианы дырдыруан, ашьхақәа ирхыҵны Даӷьсҭан ицон аԥсуа рыҷкәынцәа Шамил ир иалалон, нхыҵтәи рашьцәа ирыдгыланы еибашьуан. Шамил изы Аԥсны ашәақәа, ажәабжьқәа иԥырҵон. Абарҭ урҭ рахьынтә руак: 

  

Шеих Шамил 

(Иҟалахьоу ажәабжь) 

Шеих Шамил шьхауаҩын, даӷьысҭантәи, аҵара бзиа иман раԥбызшәала, д-имамын, хшыҩлагьы дырралагьы жәҩахкыла далырхуан, шеихс дрыԥхьаӡон. Гәылеи шьамхылеи дыӷәӷәаҵәҟьан, схаҵоуп зҳәо хаҵак иаԥхьа диргыломызт, иажәахәгьы убас иалан: «ашәақь ԥынҵа ԥҳәыс лусхәуп, аҳәа амҭа хаҵароуп, аӷа ицәшәара гәдауроуп, шьҭахьҟа ацара ԥҳәысроуп» ҳәа. Ауҩынаӡа дыргыланы дихыԥон, ԥшьба-хәба саџьан иҟоу аӡышақәа дырхыԥон, аҩ-бахәык дрыбжьыԥон, абжьас еиԥш дкәалаауа. 

Шамил дызлыҵыз иуаажәлар, насгьы ашьхауаа милаҭқәа зегьы рхақәиҭразы дықәԥаҩын. Аурыс ҳәынҭқар диабашьуан 45 шықәса иреиҵамкәа. Иаӷацәа шьарда џьара дыриаахьан, рацәаҩыкгьы нирҵәахьан. 

Шамил иаӷацәа ақәыџьма ааԥк еиԥш ишьҭан, џьара иҭарҩра, амариа ҳауандаз ҳәа. Ҵабыргын, шьарда џьара хреи-бахәы дкыдцаланы икәшахьан иаӷацәа, аҳы, шьҭа даҳкит ҳәа ргәы ишаанаго, аԥшӡы еиԥш, днарымпаҵаба дрыцәцон.́ 

Аибашьраҿы џьара даҵахар, ма иаӷацәа дрыжәларцы игәы ианҭоу, хаха-хымш акрыфа-акрымжәа аҩны ддәылымҵуа, лацәеихьшь ҟамҵакәа, иаԥхьаҟа иныҟәигаша аус азхәыцра далагон. Нас даадәылҵны иуаажәлар драцәажәон, ахақәиҭразы ақәԥара ргәы азырхаҵаны. Иажәа ҟәыш хәшәын, иназаҳал зегьы архаҵон, егьҵысуан жәлары зегьы хәыҷла-дула раҳәақәа ҭӷәыцәаа. Нас иаӷацәа деиҭарыжәлон, абжьас ааԥк еиԥш. Дызгәыдлаз дииаир акәын, хаҳәи-мҿыхәи иҵарӡны алаба хишьлар акәын. Уаԥсҵәык ада ар имамзаргьы, уамаӡа имоушәа иаӷа диҿагылон. Иаӷа диҿагыланы аҳәала аибашьра мыцхы дызгәышьуан. Иҽы иаҿаз аӷәра аиха наҟ-ааҟгьы аҟама ццышәқәа аласым, ишьнылқәагьы наҟ-ааҟ аҳәа кьаҿқәа рыласын, аидыслараҿы иҽы ахы ахьысцԥхьаӡа аӡәы даханатәуан. Шамил акырқәа дырхәхьан ӷәӷәала, аха ихара еиҳагьы дараапкуан, имч иацнаҵон, аибашьра еиқәтәаанӡа агәхьаа икуамызт, аӡәгьы иирдыруамызт рԥхашьагас иԥхьаӡон, ашьа илҵуа аҩызцәа аӡәы ианибалакь, џьара акы саҵкәазаап ҳәа игәышҭаҭла, иааҭыганы ашьа ршәыга иахьишьуан. Зны ишԥараҿы иаразнак хык иақәшәеит дагап уҳәаратәы, аха дагьышьҭамлеит уи азы. 

Шамил нхаҵареи ихьӡеи-иԥшеи Кавказ нхыҵи-аахыҵи иззымдыруаз, измаҳацыз уаҩы дыҟамызт, уи анаҩсгьы ихьӡи-иԥшеи хараӡа имаӡахьан. 

Шамил Аԥсынгьы дадгылаҩын. Аурыс ҳәынҭқар аԥсуа жәлара данрабашьуаз, Шамил ихаҭарнак Маҳмед Имам зыхьӡыз ар иҭаны, аԥсуаа дрыцхыраазы аԥсны дааишьҭхьан, рҳәоит. 

Аҵыхәтәанӡа зны, иҩны иацәыхарамкәа, ашәақьбжьы иҩнынӡа иаанеиратәы – Шеих Шамил дшеибашьуаз, ахы ӷәӷәа иқәшәеит. Иаԥхьатә акәадыр Балышь-Маха рхәашаны иуаҭәа ашәпара иақәшәеит ахы. Иҽизнымкылакәа, иҽы ганха ианыԥа, дахҟьан дкаҳаит. Данкаҳа, иҽы ҭрысын ишиашаз иҩны иааит. Ашара адәы иқәлон, агәашә иадыххылан ианаамышьҭ, икьыркьыруа, игәаҭеиуа иалагеит. 

Аҭаца, Шамил иԥҳәыс, ари аҽы кьыркьыруа ианлаҳа, илдырит абжьала ҽыхәа иаҵәа шакәыз. Дҩаҵҟьаны, аҩны асоф даақәыххн данынаԥш, акәадыр маха ԥыххаа, абалышьгьы ашьа ахшьы, илдырит ишыбзиарамыз. Ланхәа, Шамил иан дыцәан. Ланхәа дырҿыханы иллырдырыр лҭаххеит, аха дылцәыԥхашьон. Абӷьаа ҳәа аԥхьарца аадәылылган, асоф днықәтәаны, аԥхьарца арҳәара далагеит, лыбжьы неиҵыхны ашәа ацҳәо: 

– Уа Нана-Нана! 

Икьыркьыруа шәыҷкәын иҽы! 

Иадгылоуп абна агәашә,  

Балышь кәадыр амаха рхәашоуп, 

Акәадыррҳагьы шьарҩаш ахшьуп, 

Уа Нана-Нана! 

Ишәаҳауама ҽыхәа иаҵә шыкьыркьыруа! 

Анхәагьы дҿыхан, даадәылҵны иҟаз анылба, ус лҳәеит: 

Уа Шамил, уа Шамил! 

Хьыӡрацацәа бзахәыс иузыршаз, 

Шьҭахьла имцаӡаз, шәара зқәымыз, 

Аӷа иҳаҭгәын хыла иԥызҽуаз, 

Ухы аҟара аӡәы дахнартәуан, 

Ушькыл зкьысыз деиҩнаҵәон, 

Узыниази шәара зқәымыз, 

Ҽыхәа ҩынҩажәа еибашьуаз, 

Ар ршәақь мца уаҩ изалымбаауаз, 

Вороновцови Паскевичи зымӷыҵразҵоз 

Хы зламлаӡоз Шеих Шамил дҭахама? 

Ҽыхәа иаҵәа ҽырба ԥаџь-ԥаџь!.. 

Уԥалыс кәымжәы кьаҿ аџьыр аласымзи, 

Шьыбжь руасиаҭ ухәда ихыршьан, 

Гьагәаа уаҳәа уарӷьа идырххьан, 

Ус суқәгәыӷуамызт, иҟалазеи? 

Ушьацәхыслама Шеих Шамил? 

  

Нани иԥҳәыси аҽы иахьырԥшны, иаманы Шамил иахь ишцоз,  

амҩан уаҩ дырԥылт Шамил иҟнытә: 

Сҭабиа сҭалт, шәысцәымшәан, 

Адунеи аԥсахрагьы шьҭа ибаргәым, 

Сара сшьырҭа хьыӡгарҭоуп 

Сҳаҭгәын ҭыԥ, ҭоурых баҟоуп… 

Абас изеиҭеиҳәеит Џьгьарда инхоз Абас Кәачахьиа аҵарауаҩ Есыф Аӡынба. 16.VIII. 1940 ш. 

Абас иргәалашәоит аԥсуаа XIX-тәи ашәышықәса аан иҟаз ахҭысқәа. Урҭ рацәоуп, ашәҟы инӡаалом, аха ҳара иаҳуалуп иахьатәи аҿар уи дырдыруаразы. 

Р.Ҳ. Агәажәба 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz