Кәыҵниа, Аҧсышәала амультфилм атәы далацәажәоит

0
209

Арежиссер амультипликатор Асҭамыр Кәыҵныиа инапы иҵихыз ԥсышәала ицәажәо амультфилм «Кәтаӷьцәахылԥа» аӡыргара рашәарамза 29 рзы Аҳәынҭқарратә Филармониа азал аҟны имҩаԥысит. Ҳаргьы абри ахҭыс бзиа иазкны Асҭамыр Кәыҵниа ҳаиҿцәажеит.


Асҭамыр Кәыҵныиа

-Афильм аӡыргара мҩаԥган. Ари, излаҳдыруала аҩбатәи шәусумҭоуп. Ауаажәлар азҿлымҳара адырԥшыма, иахәҭаз ахәшьара арҭама? Иахышәҳәаауазеи?

-Зегьы раԥхьаӡа азҿлымҳара иаашәырԥшыз азы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Ари сара аҩбатәи сусумҭоуп, уаанӡагьы 17 минут раҟара ицоз амультфилм «Абрыскьыл» ҟасҵахьан. Уи аамышьҭахь иҵегьы инеиҵыхны даҽа мультфилм аҟаҵара даараӡа исҭахын, сгәы иҵхон азы еиҭах абри аҩыза агәаҳәара ансоу, аусура напасыркит. Аиашазы раԥхьаӡа исылшару исылымшару ҳәа кырӡа схәыцит, кырӡагьы слак-ҩакит, аха аҵыхәтәан иҟасҵоит ҳәа иақәыскит. Раԥхьа 20 минуҭ раҟара ицон, аха аус адызулацыԥхьаӡа асценариа иацло иалаган 27-28 минуҭ рҟынӡа инаӡеит. Нас иара амультфилмгьы ҽакала сазнеины сгәы иҭаз зегьы рынагӡара сылсыршеит. Исоуз ацхыраарагьы сарманшәалан ахәаԥшҩыцәа иргәаԥхаратәы исықәҿиеит ҳәа исыԥхьаӡоит.

 

-Афильм иагьа ахәыҷқәа ирызкызаргьы аиҳабцәагьы гәахәарала иахәаԥшуеит… Абри шәазхәыцны уи аганахьалагьы аус адыжәулама?

-Сара зегь раԥхьаӡа абри аус сгәы иҭакны аҭҵаара саналага хымԥада ахәыҷқәа рзы мацара ҳәа сазхәыцуан, избанзар схаҭа санхәыҷыз даараӡа исҭахын, саргәаҟуан… Аԥсуа мультфилмқәа збаларц, убраҟа сара исзааигәаз аҷқәынцәа ракәзаит, аҭыԥҳацәа ракәзааит ҳмилаҭ фырхацәа срыхәаԥшларц сҭахын, амала иҟаӡамызт. Агьыс, сара схәыҷра аахыс асахьа ҭыхра бзиа избон. Еиҳаракгьы амультфилмқәа рперсонажқәа рҭыхра сгәаԥхон. Нас ашьшьыҳәа аԥсуа лакәқәа рҟынтә крысзалхуазар ҳәа схәыцуа салагеит, ҳәарада аханатә сгәы иҭаз ахәыҷбаҳчақәарахь иныҟәо аԥхьа инаргыланы ахәыҷқәа мацара ракәын, аха ари ақәра амаӡам, адуцәагьы иргәаԥханы иахәаԥшуеит. Иара зызкыу, иззыҟасҵо ахәыҷқәа ракәзаргьы хәыҷла-дула зегьы гәахәарыла иахәаԥшуеит. Иеилкаауп, сара афильм ахәыҷқәа иргәаԥхартә еиԥш аус адызулоит, аха изласаҳауа ала даргьы иргәаԥханы иахәаԥшуеит. Лассы-лассы ишахәаԥшуагьы игәасҭалоит. Иарбанызалак акы ахәыҷқәа мчыла иузрыдгалаӡом, иргәамԥхар ахаан ирыдыркылом, ус ауп ишыҟоу урҭ рҟазшьа, аха ари иргәаԥханы иахьахәаԥшуа ала, исықәҿиеит, сгәыхәтәы сахьӡеит сҳәаратәы сыҟоуп.

-Абызшәа адырра ахәаԥшҩы изы хымԥада иаҭахуп. Афилм ԥсышәоуп. Аха егьырҭ абызшәақәа рылагьы аҵаҩра ҟалома? Уи аҩыза азхәыцра шәымазар иарбан бызшәақәои?

-Абызшәа анаҳҳәалаак, ҳәарада сара раԥхьаӡа хыкәкыс исымаз ԥсышәала арцәажәара акәын. Аԥсуа лакәқәа, алегьендақәа, убарҭ иргәылоу афырхацәа уҳәа раарыԥшра акәын сзызхәыцуаз. Уи амшала даҽа бызшәак ахь аиҭагара уи аҟара сазхьамԥшӡеит. Атәымуаагьы ԥсышәала уахәаԥшуазар еиӷьысшьеит, амала аиҭагара аусгьы бзиахоит ҳәа исыԥхьаӡоит. Иара Абрыскьылгьы Аԥсуа-Абаза Конгресс ацхыраара сырҭан англыз бызшәахь иеиҭаганы адублиажь ҟаҳҵахьеит. Кырӡа аџьабаа адаҳбалеит аха аҵыхәтәан ибзиаӡаны иҟалеит ҳәа ахәшьара арҭеит. Урысбызшәала асубтитрқәагьы ыҟоуп, амала сара зегь раасҭа исҭахыз ҳдиаспораа еиҳараҩык ахьынхо атәыла абызшәала, ҭырқәшәала адублиажь, мамзар асубтитрқәа аҵаҩны иҟаларц акәын. Уи макьаназы исылымшеит, избанзар аиҭага аҭахуп, имаҷымкәа аус адулара аҭахәуп азы иахьанӡа иалымҵит. Уажәазы уахьгьы арахьгьы абызшәа аҵара згәы иҭоу ахәыҷқәа рзы, ԥсышәала мацара иахьахәаԥшуа рбызшәа аҵаразы даараӡа цхыраагӡа бзиоуп ҳәа сахәаԥшуеит. Агьыс, ишысҳәахьоу еиԥш, асубтитрқәа рыҟаҵарала адунеи зегьы рыларҵәара, ҳмилаҭ кәыльтура аӡыргара аганахьалагы иаҭахәу усуп ҳәа исыԥхьаӡоит.

 

-Афильм аҭыхра ҳахцәажәозар… ацхырааҩцәа гәыԥк шәымазар акәхарын, шаҟаҩы шәыҟаз? Насгьы ԥрофесионал знеишьалоума мамзар хатәгәаԥхарала аума ари аус зланашәыгӡаз, абарҭқәагьы шәалацәажәар ҳҭахын.

-Афильм аҭыхра имаҷымкәа ауадаҩрақәа ацуп. Раԥхьаӡа Абрыскьыл анҭысхуаз кырӡа аџьабаа снарбеит, уахәы Акәтаӷьцәахылԥа аҟны маҷк сашьццыланы сыҟазаргьы, араҟагьы иҿыцу ауадаҩрақәа сԥылеит, избанзар аҭҵаараҿы ҳхы иаҳархоз аматериалқәа даараӡа имаҷын, уи адагьы иалазгалаз афырхацәагьы ахәыҷқәа ирцәымшәо, уимоу ргәы иақәшәо иҟаларц азы асценариа аус адулатәын. Алақә, раԥхьаӡа ашәҟәы ианызҵаз Нури Бараҭелиа иакәын, аха саргьы асценариа анызҩуаз имаҷымкәа аҿыцрақәа алазгалеит, иара амыльтфилм азы мацара ашәагьы зҩит, уигьы Анри Гәымба, Тимур Агрба, Џьамбул Жорданиа ирацәаны аџьабаа адырбалеит. Ажәак ала ари апроект иалахәыз амузиканҭцәа, актиорцәа даараӡа ирацәан. Аԥсны зҽаԥсазтәыз ҳарҭисҭцәа Сырбеи Сангәылиеи, Софа Агәымааԥҳаи раԥхьа инаргыланы, Виачеслав Аблотиа, Темур Таниа, Анатоли Алҭеиба, Мадина Кәарацхьелиаԥҳа, сыҷкәын еиҳабы Леон Кәыҵниа, насгьы ҳҭекстқәа зегьы знапы иҵызхуаз, аредакциа рзызуаз ҳпоет Дирмит Габалиа уҳәа имаҷымкәа ауаа рҽаладырхәит ари аус. Амала еснагь аус еицызуа ҳәа, ҳусуратә гәыԥ гәыҵәс иамоу, Џьамбул Жорданиа, Дирмит Габалиа насгьы сара, хҩык ҳауп.

-Ари нахысгьы аҩыза аусқәа рымҩаԥгара шәазхәыцуама? Уажәазы шәгәы иҭашәкхьоу крыҟазар шәахцәажәар алшома?

-Уажәтәи апроект аҟны ҳауаажәлар рыԥсадгьылахь рырхынҳәразы иаԥҵоу аҳәынҭқарратә ахеидкыла афинанс цхыраара сырҭеит. Уи сара кыраамҭа сашьҭан, амала аӡәгьы дысзысԥшаауамызт. Дара рхаҭақәа еилкааны ааԥхьара сыҭаны исацәажәеит, исыдгылеит, иҟарҵаз ацхыраарагьы мыцхәы сарманшәалеит аиашазы. Вадим Николаиԥа аԥхьа днарныланы зегьы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахәуп, аӡәгьы изымгәыӷьыз ргәыӷьит. Ҳәарада исазҵаауаз рацәаҩын, амала зегьы ирылшомызт азы ианамуӡа ражәаԥхақәа рыла сгәы дырӷәӷәон. Ҳаԥхьаҟагьы адгылареи ацхыраареи соур, еиҭа аԥсуа лакәқәеи алегьендақәеи ирылхны абри аҩыза аус иацысҵар сгәы иҭоуп, амала уажәыҵәҟьа маҷк сыԥсы ааиҭаскыр сҭахуп, избанзар кырӡа аџьабаа снарбеит, сарааԥсеит. Ҳәарада ҳаԥхьаҟа ҳусура еиҭа сазыхынҳәуеит…

 

Аԥсшәахь аиҭага: Оқҭаи Чкотуа

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz