«Хәыҳахәыҭра ҳаҽадаҳцалаӡом, иаҳҭаауо ргәалаҟаланы, рҩнаҭа инхоушәа анырра роуаит аҳҭахәуп»

0
179

Нанду Абсабаратә Абзазара Анхарҭа, ақалақь аилаҩынтәра зхы ацәгара зҭахәу, Сазқои зхьӡу Аҧсуа қыҭаҿы аҭынчра иҭартәаны аҧшәмара рзнауеит. Аҧсшәаҿы, ан лан/аб иан ааназго ажәа «нанду» хьӡыс аанызкылаз, аҧсабаратә абзазара анхарҭаҿы, гламҧингь шьақәыргларақәа раамысҭа, медиҭациа, иога иеиҧшу ақҭивациақәагьы аҭыҧ ааныркылалоит. Анхарҭа, ари ааигәара Исҭанбул иҟо аҽы ааӡара знапы алаку прафецианал нхарҭак ала аус еицуны, иеиҕро аҽқәа рааӡара иалагоит. Анхарҭа анаҧхгаҩцәа Еџье Раҳаҭ’и, Аныл Раҳаҭ, Нанду Аҧсабаратә Абзазара Анхарҭа, Жьинеҧс азы иахцәажәеит.


-Нанду Абсабаратә Абзазара Анхарҭа иабанӡаахыс аҧшәмара ауеит? Анхарҭа иазкны кыр зҵазкуо ажәақәак ааҳашәҳәар? 

-Нанду Абсабаратә Абзазара Анхарҭа, раҧхьатәи ҳасасцәа, 2022 ашықәс, Ажьҭаара мза 8 аҽны иаҳҭааит. Жәамыӡ инарзынаҧшоны гламҧинг ала аҧсшьаҩцәа ҳадаҳкылоит. Гламҧинг иаанагауа уи акуп, аҧсабараҿы камҧ ҟаҵара зҭахәу, аха дуук џьабаа иаламлакәа, комфортгьы камыжьӡакәа аҧсабара ақәыҧшрала аҧсшьара.  

Исҭанбул’и Анкара’еи рыбжьара, абна аҿаҧхьа, гламҧинг иақәныҟо, ҷыдала зхамҩаҧызго наплакык ҳакәуп. Фынызықь ҧшьыркца зҵаназкуо адәҳәыҧшк аҿы, иеицәхараны 4 доме палаткак, и шьажьхьа ахьрымҵаҳҵо палатка дук шьақәыргылоуп. 

Доме палаткаҧхьаӡа 45 ҧшьыркца ихыбуп, 30 ҧшьыркца барҵаны, 100 ҧшьыркцагьы шҭа хәыҷык ҟоуп. Апалаткақәа рҩныуыҵҟа ахәырҭа, аҽыкәабарҭа аманы, ашҭахәыҷаҟныгьы акәац ӡырҭа-жәырҭа рмоуп. 

Аҧсшьаразы иҧхьауо раамысҭа, шьажьхьа мацара ҳәа иаауақәагьы иҳарсасуеит. Шьажьхьа ҳәа аишәа иқәаҳҵо афатәқәа ирылоуп; иааҳрыхқоу, аҭыҧантә анхаҩцәа иаадрыхоу, хәҭақәакгьы Ҳаҭаи ақалақь аҟнынтә иаадҳарго. Ҳамгьалгьы амажәа кәаҳаны, иҵәыҵәу амажәа ала еиҵаҵаны, ҷыдала идыҟаҳарҵоит. 

  

-Нанду хьӡны иабантәы шәыҧшаа? Изызкыузи, ма ажәабжьк ахыуҳәаратәны хҭыск амоума? 

-Ҳара хәы шықәса раҧхьа Исҭанбул ҳалыҵны, қыҭак аҿы аҧсҭазаара ҿыцк мҩаҧаҳгап ҳәа Сазқои ҳааит. Араа Аҧсуа қыҭоуп. Ақыҭаҿы нхаҩрала ҳазлагаз ҳаҧсҭазаара, аҧсабаратә аалыхқәа арҳаны аҭирахьы имҩаҧысит. Абдуцәа ирҭынхаз ажәлақәа лаҵаны, аџьықәреи, аҟәыд, аҟәыдыҕра ааҳрыхуеит,ҳахатәы расақәа аҳхоит, Аҧсуа афатә қулҭураҿы иҟо аџьыка, Аҧсуа ашә, ахәша ҟаҵаны, Нанду Абсабаратә Аалыхқәа ахьӡ ала, ақалақьқәа рҿы инхо, абсабаратә аалыхқәа иашьҭаз ауаа ирзынаҳашьҭон. 

Нанду, Аҧсуа қулҭураҿы иаанаго; сан лан/саб иан акуп. Иахьаҳгыӡо ажәлақәа ҳандуцәа ирҭынхан азы, аџьыка, Аҧсуа ашә ҳандуцәа ишыҟарҵоз еиҧш иҟаҳҵон азы, ҳамарка Нанду ҳәа иалаҳхит. Ҳара ари ахьӡ ала ҳаздыруо гәыҧҩык ҟалан азыҳәан, ҳаргьы имыҧсахӡакәа Нанду Аҧсабаратә Абзазара Анхарҭа ҳәа амҩа ҳақәзаар ҳаҭаххит. 

-Аҵыхәтәан Гламҧинг шәацныҟәоуны акамп азы ҭыҧ алышәхит. Ари ақҭивациа уашьҭангьы имҩаҧгахоума? 

-Ҳара аҧсабараҿы аҧсҭазаара ахгара бзиа избо ҭаацәак ҳакуп. Алагамҭантә аахыс, ҳазхьыӡаз аалых ыцқьа, изҭахқәо ирхьаҳгыӡар, ҳазҭагыло ари аҧсҭазаара хкы иалаҳархәыр хқкәыс иҳаман. Ишьақәҳаргылоз, иаҳҭаауо аҧсшьаҩцәа рҩнеиҧш ирыдыркыларатәны ҳазхәыцит. Адоме палаткақәа еивагыламкәа, еицәыхараны хаз-хазы иҳарглит.  

Ҧандеми аахыс иааиҵыхны аҧсабарахь ацәцара имҩаҧсит. Аҧсабара зҽаладырхәыр зҭахәу, аҭынчра иашьҭоу рзы, гламҧинг, сасааиырҭа еиуеиҧшымқәа ирылыукааратәны иҟоуп. Араатәи сисҭема, хәыҳахәыҭра хаҽаларҵәӡаны акәымкәа, хаҭабзиарала аамҭа еицхаҳгауаз ҳасасцәа ҟалааит, араантә рҩнахьы ргәалаҟаланы, ргәахәтәы иахьӡаны иханҳәааит ҳәа ҳазныҟоит. Ҭырқәтәылатәи ҭагылазаашьа ҳашьапы ҳахьынӡақәнаргыло ари амаҵаура каҳажьӡом. 

  

-Нанду Абсабаратә Абзазара Анхарҭаҿы уаҳа изоу ақҭивациақәа еиҿышәкаауази? Шәаҧхьатәи планқәа шәаарыхцәажәар? 

-Аҧсабара агәы ҵәаҟьа, бжьыда, ҭынч ҭыҧк аҿы ҳаҟоп азыҳәан, иога, медиҭациа азыҟаҵаҩцәа, абра ақҭивациа ҟаҵара еиҕьыршьоит. Уажә раанӡа РДҬ, медиҭациа, иога камҧқәа рзы аҧшәмара ҟаҳҵит. Иара убас, анаплакқәа руысуҩцәа рзы еиҿыркааз моҭивациа камҧқәагьы аҧшәмара рзаҳуит. 

Уажәы ааигәара, Исҭанбул иҟо ҧрафецианал ҽы ааӡара нхарҭак азы, ҳаилахәыны проект амҽхакрала, реҳабилиҭациа иазкны, аҽы еиҕрақәа рааӡара ҳалагоит. Аҽқәа, дара рҧсабаратә рҭыҧқәа рҿы, рцәартәымкәа ирхарго 11 мӡы аамҭа, ҭынчра иҭагыланы, агәыбзиарала, згәыбзио аҽқәа рхшаара ҳацхраауеит. 

Еиҭазгаз: Есаҭ Ахба 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz