Аҧсны аибашьраҿы ахәра зауыз Биргул Ачыуыҧҳа, Жәабранмза 18 аҽны, Сақариа ақалақь, Геиве араион, Боҕазқои ақыҭаҿы лгәаларшәара мҩаҧган. 1992 ашықәс, Адунеизегьтәи Аҧсуа-Абаза Конгресс аилатәара ду жьурналистны далахәхар азы Аҧсны дахьнеиыз, дыхнымҳәакәа уаа аанхара лыӡбан, Аҧсны ахақәыиҭразы иеибашьоз дрылахәхит. Чыуыҧҳа Биргул 1999 ашықәс, Жәабранымза 17 рзы лыҧсҭазаара далҵит.