Ахеидкыла Алабашьа Аԥсны ахьӡа анҳаҳа, мшаԥымза 2018 шықәсазы, ҳредакциа алахәыла Зафер Сурен ҳгазеҭ аҿы ииҩыз «Алабашьа»* ҳәа хыс измоу астатиа иану абри аҩыза ажәапҟа ҳгәалашәеит: «Аиҳабы дызмам-алабашьа уазҵаа.» Ассоциациа иазку адыррақәа ҳауит, ахеидкыла «Алабашьа» ихаҭыҧуаҩ Кочу Ҳакан иҿцәажәара иҟынтә.
-Зегь раҧхьаза иргыланы, ҳшәабадырыц ҳҭахуп.
-Сара сиит Ҭоқаҭ, Ербаа араион, Фындыџьак ақыҭаҿ. 1994-шықәса аахыс Аӆсны сынхоит. 2003-шықәса азы, сара салгеит Аӆснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилогиатә факультет аҟәша. Ақыҭанхамҩаеи ахәаахәҭреи заанаҭс исымоуп. Гәылрыҧшь араион ахьзала, Ауаажәларратә палата агәыҧ салоуп, хаҭарнакра азысуеит. Сҭаацәароуп.
-Шәеидгыла анаҧцаз, хықәкыс иамоу ҳзеиҭашәҳәар шәылшоума?
-Ҳара ҳаидгыла ҩышықәса раҧхьа иаҧцан. Ҳҩызцәеи ҳареи ҳанеицәажәоз Аҧсны аофициалтә усбарҭак ҳамазар иаҳа хәарҭа ҟалон ҳәа хәыцрак ҳазцәырҵын, ҳаидгыла аҧаҳҵеит.
Сазааҭгыларц сҭахуп ҳнапхгаратә хеилак ахаҭарнакцәа ртәы. Еиҳабыс дҳамоуп Арсҭаа Намык. Ахаҭарнак ицхырааҩцәа Омар Цыцба, Хаади Лакрба, Елисо Сангәлиа, Ҳакан Қочу.
-Алахәылаҩцәа шаҟасҩы ҳәымоузеи? Насгьы урҭ ралархәразы иарбан критериақәоу иҟоу?
-Ҳара ҳалахәылаҩцәа рхыҧхьазара 40-ҩык рҟынза инеиуеит. Аҧсны атәылауаҩшәҟәы змоу зегьы рхы аладырхәыр ауеит, даеа ҧҟарак ҳамаӡам.
-Ари ахеилак зхы алазырхәыз реиҳараҩык зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз роуп ҳәа ҳаҳаит, избан ус изыҟои?
-Ҳара аҭыҧантәи ауааҧсыреи, ихынҳәызи, ашьаҭаркҩцәеи, алахәылаҩцәеи ҳәа рыбжьара еилых ҟаҳҵазом.
-Шәгәаанагарала, Аҧсны иарбан зҵаарақәоу ихаданы ҳәа иҟоу, насгьы урҭ рызбараҿы планқәак шәымоума.
-Аҧсны 30-шықәса ҵуеит Аҳәынҭқарра аргылара ҳаҿуижьҭеи. Хҳәынҭқарра аҭбааралагьы, уааҧсыралагьы ишмаҷугьы, иҟаҵатәугьы даараза ишырацәоугьы, аҧхьаҟа алшара дуқәа змоу қалақь тәыланы исбоит. Ихаданы ҳәа исыҧхьаӡо ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәра ауп. Ҳара ҳхеилак зынӡа иҿыцуп, убри аҟнытә ҳрацәахарц иҳарӷәӷәарц ҳҭахуп. Насгьы, ҳҳәынҭқарра абызшәа аҿиаразы, имаҷымкәагьы аусмҩаҧгатәқәа ҳхы рылаҳархәит.
Иара убас, Ҭырқәтәыланәи иааз ҳџьынџьуаагьы ара иашьцылаанза, иҳалшо ала ацхыраара раҳҭоит.
*https://jinepsgazetesi.com/2018/04/alabasa/