Аҧсуа режьисиор Наур Гармелиа «Аҵыхәҭантәи Ахәыҧса» зхьӡу икьино филм, 30. Жәларыбжьаратәи Ауааҧсы Изинқәа Фестваль «Сталкер» адамыҕа аанархит. Ҧхынҷкәнмза 9-15 мшқәа ирҭагӡаны Москва иеиҿкааз фестваль аҿы, метражла иауу, икьаҿу, документалт, ҵәыҕәыра фильмқәа ирыло 57 фильм аиндаҭлара иалахәын. Гармелиа, раҧхьатәи метражла иауу ифильм «Аҵыхәҭантәи Ахәыҧса», Вадим Абдрашьитов Иҷыдо Апремие анашьан.