Аетниката музыкатә традициаҿы архетиптә елементқәа шьақәгылоит аҿаҧыцтә тради-циа раҧхьаӡатәи амузыкатә жанрқәа рыла. Амилаҭтә чыдара акәзар аетнос рырҿиара еиуеиҧшым ажанрқәеи аформақәеи рыҿиара аеволуциатҿ процесс аан, дара рфольклортә хәыцра аелементқәа рҽеиҭакра инақәыршәаны.
Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа диаспораҿы иахьа еилыхха иубарҭоуп ацивилизациа аҿиареи аглобализациа аҽырҭбаареи раҧхьаӡатәи атрадициатә музыкатә культура аформақәа рахь инҽеим анырра шыҟарҵо, ажәлар ретникатә ҟазшьақәа реиқәырхаразы алшарақәа обиективла ишмаҷхаз. Есааира еиҧхьбоит амузыкатә фольклортә традициақәа реиқәырхара алзыршаша аҭагылазаашьақәа рзы.
Аҧсуа музыкатә фольклор атрадициатә жанрқәа ирҟазшьаҷыдоуп ажәақәеи амузыкеи реицааира. Аицәажәаратә хархәагак аҳасабала, амузыкатә традициа ацхраауеит ахә-ыҷы иааӡара, ипатриоттә дунеихәаҧшра шьақәнаргылоит.
Ахәыҷтәы ашәақәеи амелодиақәеи аханатә аҧсуа диаспора рыҧсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалан. Аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩныҵҟала амузыкатә фольклор аелементқәа ҟалеит ритуалкǝак раҳасабала аетноси есҽнытәи рыҧсҭазааратә ахылшьҭрақәеи про-цессқǝа шьақәзыргыло ракәны.
Ажәытәӡатәи агарашәақәеи алирикатә ашәақәеи ирцǝыӡит ирымаз амагиатә мчи рҵа-ки. Убри аҟынтә Тырқәтәыла инхо аҧсуа-адыга диаспораҿы амузыкатә фольклор инанагӡоз аҧсҭазааратә функциа хада маҷ-маҷ аӡра иаҿуп. Ашәақәеи амелодиақәеи шамахамзар ирхашҭхьеит, еиқәханы иахьыҟоугьы аныҳәақәа рҿы ауп, хәмаррак, рлахҿыгак аҳасабала.
Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩныҵҟала аҧсуа-адыга диаспора рмузыкатә культуреи ртрадициақәеи рыҭҵаараҿы аметодологиатҿ ҧшаарақәа акыр мҩаҧгоуп. Уи иабзоураны ишьақәыргылахоит аетнос рфольклор-культуратә ҳәаақәа.
Кавказ ажәларқәа рмузыкатә фольклор иазку аусумҭақәа реиҳарак рҿы иаарҧшу азе-иҧш ҟазшьарбақәа роуп, ажәларқәа ретниката ҷыдарақәа уамак ҳасаб рзыруам.
Амузыкатә хәыцра аҭҵаараҿы хшыҩзышьҭра роуит еиуеиҧшым аетносқәа рмузыкатә культура аинырра амеханизмқәеи Кон И.С., Чуковски К.А., Капица О.П. русумҭақәа рҿы аус здырулоз урҭ реиҿырԥшратә анализи.
Аҭҵаамҭақәа рҿы агарашәақәеи алирикатә мелодиақәеи аиҿырҧшра-ҭоурыхтә анализ рызууп. Уи иалнаршоит Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа рҿы ахәыҷтәы ашәақәа рмелодиа-интонациатҿ закәанқәа раарҧшра. Ҳара ҳахәаҧшит М. Ҳашба, И. Ҳашба, Р. Ҳашба, А. Соколова, Б. Кагазежев, Ф. Хораева уҳәа иҟарҵаз амузыкатә фольклор арегионалтә ҭҵаара атрадициақәа реиҿырҧшратә анализ.
Аусумҭақәа жәпакы рҿы иазгәаҭоуп, ашәақәеи анаигрышқәеи рыбжьара ишаарҧшу аепикатә аамҭа, иалкаау аҭоурыхта информациа.
Ахәыҷтәы ашәақәа аҧсуа-адыга диаспораҿы рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны еиҧш, ирымо-уп рхатәы культуратǝ-интеграциатә система, ажәлар еидызкыло. Хаҭала иугозар, ашәатә традициала ауп атәым дгьылаҿы аҧсуа иҟазшьеи идунеихәаҧшреи злалыркаауа.
Аҧсуа ҭаацәараҿы ахәыҷы иааӡара нап адыркуан агара дангароу инаркны. Уи дҩеи-дасаанӡа ахылаҧшра ӷәӷәеи ахьчареи иҭахын. Убри азы акәын ажәлар агарашәақәеи алири-катә ашәақәеи заҧырҵоз.
Арҭ ашәақәа ирныҧшуан ан лхәыҷы иганахьала илымаз лгәырҩақәеи лгәазыҳәарақәеи. Ашәақәа еснагь иҟан, иҟазаауеит аестетикатә ааӡаразы ихархәаганы, аҧсуа жәлар рзы иҷыдоу фольклортә тынханы.
Аусумҭаҿы аинтерес рыҵоуп аҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟынтәи атәым дгьыл ахь иргаз, насгьы уаҟа иҿиаз алирика-гарашәатә наигрышқәеи ашәақәеи. Ҳара ианаҳҵеит 16 рҟынӡа ашәақәа, Баба Иашари Ахба Есати рхатәы архив аҟынтә, ақыҭақәа Ҳаџьысулеи-мани Саӡи рҿы, ақалақь Диузџье иахьаҵанакуа.
Азқьышықәсақәа ирықәлоу аҧсуа жәлар рҭоурых аҿы иҟан аҧышәара дуқәа раамҭа. Ахырҵәарата политика акәзар, ажәлар рыҧсҭазаараҿы, ркультураҿы, рыҿиараҿы иааннажьит ахатәы шьҭақәа. Абри аганахьала акыр аиҭакрақәа ахҭысит ахәыҷтәы фо-льклор.
Иҟан ашәақәа, иаҳҳәап, шықәсык зхыҵуаз ахәыҷы изкыз. Уи ҵакыс иаман ииз ахәыҷы агәабзиара иманы изҳарц, иаҧхьаҟа аҧсҭазаара бзиа иоурц.
Аҧсуааи адыгааи рҟны аҩнаҭаҿы аҷкәын хәыҷы данилак, иҭаацәеи иуацәеи мамзар-гыы агәылацәа ауаргьала ҟарҵон, нас аҿар уи иақәтәаны игьалон. Ииз дыҷкәынзаргьы, дыӡӷабзаргӷы, ихьӡала таацәаныла еизаны еиқәныҳәон. Аха ауаргьала аныҟарҵоз аҷкәын даниуаз акәын (Киржинов С.С. Система воспитания адыгов (черкесов). Тбилиси, 1975). Аҧсуааи адыгааи рҟны Ҭырқәтәыла ари атлас еиқәханы иҟоуп қыҭақәак рҿы – Чаи (ақалақь Диузџье).
Ахәыҷы иира иадҳәаланы аҧсуаа иаҧырҵон ашәақәа. Урҭ рҿы иира, иаҧхьаҟатәи иеизҳара, ифырхаҵара (дыҷкәынзар). Абри атәы шаҳаҭра руеит Дубровин иусумҭақәа. Урҭ иаарҧшын ишырҳәо ахәыҷы ала, аҷкәын хәыҷы данилак аҧҵаҩцәа-аимпровизаторца уи заанаҵа рнапы ианиҵон Ииз изкны ашәа аҩыга рхәыцырц. Уаҟа иззышәаҳәоз ахәыҷы ԥахьаҟа дзеиҧшрахарц ирҭахыз акәын (Джондар М.А. Песня в семейных образах адыгов. Майкоп, 1991). Иахьа Ҳаџьысулеиман аҵанакуеит Гиолиака араион Диузџье ақалақь. Ари ақыҭа даара иақәшәоит аҧсуаа рмузыка-жанрта система. Уи ааигәара иҟоуп аҧсуаа ахьынхо даҽа қытак Чаи.
Ҳаџьысулеиман иуҧыло амузыкатә инструментқәа иреиуоуп: амырзакан, аинҟьага, ҧхаҷыч аҟьаҟьа, еиҧшу асратә инструмент. Чаи ақыҭа аинструменттҭ традициа Ҳаџьысулеиман еиҧшӡам. Уи еихшазар ҟалоит абас:
- Ашәа аккомпонемент ацуп;
- Акǝашара аккомпонемент ацуп;
- Аинструменттә нагӡара (анага азы);
- Аинструменттә нагӡара (ҩыџьа-хҩык) мамзаргыы аинҟьага (30-ҩык), амырзакан ац-ны.
Амырзакан (аҧс.) ҧшьына (адыг.) агармоника, уи аҿы инаугӡар алшоит иарбанзаалак атрадициатә мелодиа.
Амырзакан Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа рзы итрадициатәу инструментк аҳасабала амасса-тә аудиториеи, мамзаргьы гәыԥҩки ргәаҳәара нанагӡоит, ихәмаруеит абжьы рмаҷны, иара убас абжьы рдуны, иҳаракны. Абжьы бзианы ианаалоит ауадаҿы еиҧш, адǝа-ҿгьы. Аҧсуааи адыгааи амырзакан рхы иадырхәоит аныҳәақәеи ачарақәеи рымҩаҧга-раан.
Аҧсуа инструмент аинҟьага амузыкатә ӷәы аанханы иҟоуп аҳәаанырцә инхо аҧсуааи адыгааи рҿы. Хаџьысулеиман ари аинструмент даара ахархәара амоуп, насгьы бзиа ирбоит.
Иазгәаҳҭарц ҳҭахуп, Ҳаџьысулеимани Чаии инхо аҧсуаа амырзакан ҳәа изышьтоу агармоника, венатәи ашьақәгылашьа змоу ауп (ианеиҵалои ианеиҵыҵуеи еиуеиҧшым абжьы эхылҵуа). Аҳәаанырцǝ инхо адыгаа агармоника ҧшьынаҧхьенџь ҳәа иашьҭоуп, ииашан агармоника.
Адиаспораҿы агармоника аҿиара аман ахәыҷы даниуаз, ахшараура иадҳәалаз ақьабз-қәа рымҩаҧгараан, ахәыҷы раҧхьатәи игараҵара, иеизҳара раҧхьатәи ашықәс азы.
Хаџьысулеиман ақыҭан инхо Наила Казба иажәақәа рыла, аҧсуа ԥҳәызба ахшара лцәа даналашәалак аиҳабацәа рахь дцәырҵуамызт «ирцәылҵәахуан» ахшара лцәа дшалашәаз, еиҳаракгыы анхәеи абхәеи рҿы. Лыхшароура аҵыхәтәантәи амзақәа рзы луацәа-лтахцәа рахь дцомызт. Аха убри аан, асаби иира заанаҵы рҽазыҟарҵон.
Егьи аинформатор Қьаамыл Арӡынба иаҳзеиҭеиҳәеит «Пса» зыхьӡыз ақьабз. Ахшароура ашьҭахь аҭаца ма ахәыҷы дычмазаҩхар, ашәа рҳәон, аҧсы анцәахәы ишҟа рхы рханы. Ари ақьабз амҩаҧгара далахәын анду лхаҭа, нас гәыҧҩык егьырҭ аҳәсақәа. Урт алаф ашәақәа рҳәон, иара уи алагьы алаҧш цәгьа рҟәыргон.
Ахәыҷы даныхәыҷӡоу инаркны иааӡараҿы ихадараз аҭыԥ ааннакылон ашәа. Аха рыц-ҳарас иҟалаз, еилкаау амзызқәа ирыхҟьаны ахәыҷқәа ирызку ашәақәеи аҭаацәаратә қьабзтә ашәақәеи жәпакы рхархәара иаҟәыҵхьеит. Аха аамҭа кьаҿк иалагӡаны ҳара иана-ҳҵаз аматериал агәра ҳнаргоит ахәыҷтәы фольклор аҧсуа-адыга диаспора ртрадициатә культура иузаҟәымҭхо ишадҳәалаз.
Иахьатәи ҳуаажәларраҿы ауаатǝыҩса рыбзазара акыр аҽеиҭанакхьеит. Хаҳара злоу, ипрогрессивтәу аиҭакрақәа акыр шымҩаҧысуагьы, ахәыҷы иемоциатә ҿиара уиаҟара хылаҧшра амаӡам. Амузыкатә культура, ишдыру еиҧш, ахәыҷы иестетикатә дунеи абара иацхраауеит, иинтересқәеи игьамеи шьақәнаргылоит.
Аҵыхтәаны иҟаҳҵар ҟалоит алкаа. Аҧсуа жәлар рмузыка, адиаспораҿы хәҭа-хәҭала еи-қәхаз, ахәҭакахьала, ахәыҷтәы музыкатә фольклор ари ауаатǝыҩса зқышықәсалатәи рытрадициақәа ирҟәырҷахоуп, араҟа еидкылоуп абиҧарақәа жәпакы рсоциалта ҧышәа.
Ишдыру еиҧш, амузыкатә традициа ауаҩы дании инаркны ҧсраҽнынӡа ицын аџьаус данаҿыз, аныҳәақәа, ақьабзқәа.
Сылашара, сыҧсықәра,
Унитари адунеиаҿы ууаҩ иашаны.
Уҟала ажәлар ураҧхьагыланы,
Ианузҳалак уан лгәы даумырган,
Шьышь нани, сыҷкәын, сылашара,
Шьышь нани, схәыҷы.
(Ахы иақәиҭны еиҭагоуп).
Иҟан ианаҧырҵоз алирикатә ашәақәа, амелодиақәа, абзиабара иазкыз, мамзаргыы ау-аз, иаҳҳәап, адепортациа иадҳәалаз. Урҭ нарыгӡон аинструментқәа ирыцҳәауа, иаҳҳәап, амырзакан (аҧс.), ҧшьына (адыг.). аҧхьарца (аҧс.), шьыкаҧшьына (адыг.), аҩымаа (аҧс.), ҧшьынадукако (адыг.), ҧшьына (агармоника хәыҷы), аҿарпын (аҧс.), камыль (адыг.).
Ахәыҷқәа ирызку агарашәақәеи, амелодиақәеи, алирикатә ашәақәеи ртематика еиу-еиҧшымкәа иҟоуп ҭыркәтәылатәи аҧсуа-адыга диаспора рыҩныҵҟа. Еиуеиҧшым акомпозициақәа, амелодика, аритмтә шьақәгылашьеи алад еизыҟазаашьеи аҧсуа диаспораҿы зынӡа ихазуп, адыгаа ртǝы излеиҧшқәам ыҟоуп. Axa зегьы аҟазшьақәагьы рымоуп еицырзеиҧшу.
Агарашәа амелодиақәа рҿы аритмтә сахьа егьырҭ амелодиақәа ирылаҩашьом, шәагаа-ла. Аусумҭаҿы иаагоу аҿырҧштәқәа зегьы алад атерциаҿы синкоп рымоуп, актәи атакт феи тоникеи рҟни. Алириката мелодиа авариантқәа зегьы еиҿурҧшуазар, рладтә еизыҟазаашьала еиҳа еиҳауп миксолидиитәи алад (си бемоль инаркны), зны-зынлагьы ииасуеит соль ашҟа, фригиитәи аладаҿы еиҧш. Урт ирымоуп 6-8 такт. Ҭыркәтәыла ианҵоу алирикатә мелодиақәа рахьтә, тактла зегьы иреиҵоу 6 амоуп.
Иазгәаҭатәуп, агарашәатә мелодиақәа рмузыкатә композициа шышьақәгылоу имариа-ны, иара убасгьы – хәҭакны рымҩаҧгараан. Ииз ахәыҷы иҧсҭазаара раҧхьатәи аминуҭқәа инадыркны, анырра ирҭоит амузыкеи ан лыбжьы хааи, агарашәақәа рҿы ажәақәеи амузыкеи рмагиатә еиҭныҧсахлара. Арт ашәақәа наҟ-наҟ ирыҧсахуан ахьӡыртәрақәа, аҧхьаӡара, ахәмаррақәа рыла.
Абасала, ахәыҷтәы музыкеи ашәақәеи еснагь иҟан, иагьаанхоит ҳажәлар рыҧсҭазаара иузаҟәымҭхо хәҭа хаданы.