Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Аҳәаанырцә инхо ачерқьесқәа рдиаспора аҭоурых

Аедыгьқәеи, егьырҭ Нхыҵ-Кавказ иқәынхоз ажәларқәеи мчыла рыцсадгьыл рахгара апроцесс мҩацысуан шәышықәсала. Урҭ ашәышықәсақәа ирылагӡаны иҭацәит хыԥхьаӡара рацәала Кавказ атәы­лаҿацәқәа, имаҷымкәа Кавказ иашьагәыҭаз ажәларқәа рыҟазаареи рыҟамзаареи азҵаара аҟынӡа инеит, абжьаӡра аамҭа иҭагылеит абыз­шәақәа, абиԥарала инеимадо-ааимадо иааргоз аҵасқәа, ақьабзқәа. Иахьа уажәраанӡагьы аҵарауаа цқьа ишьақәырӷәӷәаны ирымам иахганы иргаз рхыԥхьаӡара.

Бжь-миллионҩык раҟара аԥсуааи адыгьқәеи рхылҵшьҭрақәа нхоит Ҭырқәтәылан, Сириа, Иорданиа, Мысра, Африка, Мраҭашәаратәи Европа, США, Австриа – зынӡа 40 хәынҭқарра рҿы. Мчыла, шәнызқьҩыла аԥсуаа рхырҵәара – амҳаџьырра мҩаԥысуан еиуеиԥшым аетапқәа раан. Актәи аетап – 20-тәи 40-тәи ашықәсқәа рзы (еиҳарак иқәҵыз иреиуан ҭауади аамысҭеи, Аԥсны Урыстәыла адлара згәамԥхаз, насгьы Дали Ҵабали аурыс ирхәҭақәа имҩаԥыргоз ахырҵәаратә аекспедициақәа ирыхҟьаны. Иааидкыланы иуҳәозар XIX ашә. 50 ашықәсқәа рынҵәамҭазы ХХ ала­гамҭеи ирылагӡаны Османтәи аимпериагьы иахыргаз, амҩан зыԥсҭазаа­ра иалҵызгьы налатцаны 1-2 млн. ҩык ыҟан. Урҭ рхыԥхьаӡара аҟынтәи 800-850 нызқьҩык инарзынаԥшуа ачерқьессқәеи аублааи ракәын.

Аҩбатәи аетап – Ҟрымтәи аибашьраан (1853-1855); ахԥатәи – Аԥсуа ҳәынҭқарра аԥыхраан (1864); аԥшьбатәи – Лыхнытәи ақәгыларахь аурыс ҳәынҭқар иколлониатә политика аҿагылара (1866); ахәбатәи – зегьы иагьреиҳахаз – аурыс аҭырқәа еибашьра (1877-1878 ш.) ашьҭахь.

Абасала, зынӡа ихдырҵәеит асаӡқәа, хыԥхьаӡара рацәала аибгаа, аҳҷыԥсаа, ԥсҳәаа, гәмаа, далаа, ҵабалаа, бзыԥаа, абжьуаа, Аԥсны аҭагы­лазаашьа даара ибааԥсхеит. Ихҵәеит иара убас абазақәа. Зынӡа Ҭырқәтәыла иӡхыҵит 500-нызқьҩык аԥсуаа, абазақәа алаҵаны. Османтә империа ахҵәацәа ндырхон иԥсаҟьаны, еиуеиԥшым агәыԥқәа рыла. Из­бан акәзар, гәыԥк аҿы ирацәаҩны еиланхар, ауадаҩрақәа ҟалар ҳәа иацәшәон, рхылаԥшра уадаҩхон. Убри аҟнытә аҳәынҭқарра анапхгара хықәкыс ирыман – урҭ еиуеиԥшым араионқәа рҿы, аррамаҵураҿы рхы иадырхәарц. Убас еиԥш анхарҭақәа шьақәгылт Балкантәи атәы­лахәҭақәа рҿы, Болгариа, Иугославиа, Бырзентәыла, Албаниа, Румыниа, Кипр. Крит, Радос уҳәа уб. егь.

Иахганы иргаз ажәларқәа рассимилиациеи, Ҭырқәтәыла, Сириа, Иорданиа уҳәа аҳәынҭкаррқәа рҿы ачерқьесқәа ретнокультура ахьчара, аиқәырхара залмыршахоз атәы хазааҭгылозар, зегь раԥхьаӡа аӡбахә ҳәатәуп адемографиа азҵаара. Ихырҵәаны иргоз ачерқьесцәа рхыԥхьаӡара зламаҷыз ала, урҭ ирыман алшара ретнос ахьчара, аиқәыр­хара.

Аҵак ду аман Османтәи аимпериа адгьылҵакыраҿы ачерқьесқәа рықәнырхара аформа. Ачерқьесцәа реиланхарҭақәа хазын, егьырҭ ауааԥ­сыреи дареи аиҭенеиааира маҷны ирыбжьан. Рыжәлар рҵасқәеи рқьаб­зқәеи инарықәыршәаны имҩасуан урҭ рыԥсҭазаара. Бызшәалагьы рхы иадырхәоз рхатәы бызшәа акәын. Ҭырқәтәылаҟа иахгаз ачерқьесқәа абас еиԥш изланхоз ауаажәлара рҽырҟәыҭханы инхон XX ашә. азыб­жанӡа; Сириа – XX ашә. 60 ш. рынҵәамҭанӡа.

Иазгәаҭатәуп убри аан аедыгь жәлақәа ирызҷыдоу аетникатә культуреи, ақьабзқәеи, аҟазшьақәеи рыла аҭырқәа, араԥ… уҳәа, егьырҭ изланхоз ажәларқәа ишреиԥшымыз. Аҭырқәцәеи арабцәеи ирыламӡырц азы, урҭ анхара иалагеит хазы, рҽеидкыланы, аламала тәымк дрыла­мырхәуа. Убри алагьы рыԥсадгьыл аҟны иаԥыз, изықәныҟәоз атрадици­ақәа, аҵасқәа, азакәанқәа еиқәдырхарц. Уи акы. Иҩбахаз – рарԥарцәа рмилаҭ иатәым аԥҳәыс дааргомызт, рҭыԥҳацәагьы атәым милаҭ иреиуаз рахь хаҵа дрышьҭуамызт. Ахԥатәи – иаԥырҵо иалагеит акультуратә-рҿиаратә хеидкылақәа. Дара рзы ихадоу усхкны иҟалеит аррамаҵура. Уи аныҟәгаразы ашьхаруаа ирырҭон адгьыл маҷымкәа, аҳазалхра жәашықәса иранарыжьуан. Ашьхаруаа ахьықәаарыхуаз Голантәи аҳара­кырақәа хаҳәран. Аҳауа цәгьан, аӡын ихьҭан, бааԥсыла. Аԥша ӷәӷәа асуан. Убас ишыҟазгьы, имаашьакәа адгьылқәа аус рыдырулон. Дук хара им­гақәа, аҽаҩра беиақәа ҭаргало иалагеит. Ишнеиуаз, архәааӡара напы адыркит, XX ашәышықәса алагамҭазы аҽааӡареи ашьхааӡареи ирнаҭоз амал рацәахеит. Ақыҭанхамҩатә усурақәа знапы рылакыз еиҳарак ахацәа ракәын. Аҳәса аҩны усқәа ирҿын. Ишнеиуаз, еиҿыркаауа иалаге­ит аџьармыкьақәа. Аха аԥсуаа рзы рыԥсадгьыл аҿгьы, иара иахьнанагаз­гьы ахәаахәҭра рацәак пату рзақәмызт. Сириа еиҳарак ахәаахәҭра иаҿыз арабцәеи, аҭырқәцәеи, ашәамахьцәеи ракәын. Иазгәарҭахьеит, ашьхару­аа рдинтә ԥсҭазаараҿы еиҿыбаауа ишыҟаз амырҭаҭра, ақьырсианра, аԥ­сылманра. Еиҳарак уи ахьаҳԥыло адыгьақәеи аԥсуааи рҿоуп.

Ассимилиациатә процессқәа ҿио иалагеит XX ашә. аҩбатәи азыбжа­зы, ачерқьесцәа рдиаспорақәа реиҳарак имаҷу гәыԥ-гәыԥла рҽеихшаны рынхарҭа ҭыԥқәа рыԥсахра ианалага.

Ари аамҭазы, ачерқьес жәлар аҳәаанырцә реиқәырхара иацхрааит рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара аус аҿиара иахьалагаз. Иара убас шакәугьы XX ашә. 80 аш. рызыбжазы ачерқьесцәа рассимилиациа азҵаа­ра даара иҵарны иқәгылеит. Ари азҵаара аӡбара дара ачерқьесцәа рхаҭақәагьы еиуеиԥшымкәа иазнеиуеит.

Аҿар рхаҭарнакцәа ԥыҭҩык ргәаанагарала, рҵасқәа, рқьабзқәа, ркультура ахаҭа аиқәырхара ахьзалыршахо рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы ауп, убри аҟнытә, Нхыҵ-Кавказ аполитикатә, аекономикатә ҭагылаза­ашьа ҭышәынтәалан ишыҟамгьы, хымԥада, ачерқьес жәлар рыдгьыл ахь ихынҳәыр ауп ҳәа.

Аиҳабацәа, еиҳа зықәрахь инеихьоу ргәаанагарала, ачерқьес жәлар рбызшәа, рқьабзқәа реиқәырхразы ашколқәа рҿы уи аус иазыманшәа­лоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп. Рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра иазгәышьуе­ит, аха уи азалыршахоит ҳәа агәрагара рцәыуадаҩуп.

Ркультура ахьчаразы жәлар рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара аҳәаақәа рырҭбаара рҽазыркит. Уи иабзоураны 1991 ш. маи мзазы еиҿкаахеит ачерқьес жәлар рыдгьыл ахь рыгьежьра аус иацхраауа, иара убас, аҳәаанырцә ирызцәырҵуа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа рыӡбараҿ ац­храара рызҭо «Ачерқьес жәлар рассоциациа».

Аҳәаанырцә инхо ачерқьесцәа рыхынҳәра азҵаара цәырҵуа иалаге­ит ишҳәыԥкыз Османтәи аимпериахь рахгара актәи ашықәсқәа раан. Шәышықәса инареиҳаны ачерқьесцәа гәыԥ-гәыԥла рҽеидкыланы рыԥ­садгьыл ахь агьежьра рҽазыршәон, аха Османтәи аимпериа, Урыстәы­латәи аҳра, анаҩс Асоветтә ҳәынҭқарра реиҳабыра ирылшоз зегьы ҟарҵон уи аус аҿахҵәаразы. Ихынҳәыз рхыԥхьаӡара рацәаӡам: Аԥсны, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы – Черқьессктәи ареспубликақәа рахь ихынҳәыз, XXI ашәышықәса алагамҭазы, ҩ-нызқьҩк ракәын иҟаз.

Егьа улахь еиқәнаҵартә иҟазаргьы, аҳәаанырцә инхо ачерқьесцәа рыԥсадгьыл ахь агьежьра еиҳарак шьаҭас иаиуа аибашьрақәа, иахьынхо атәылаҿ ирымоу ирзыманшәалам аҭагылазаашьақәа, еиуеиԥшым ары­цҳарақәа: адгьылҵасра, аӡхыҵра … уҳәа роуп.

Иахьа, ихынҳәуа рхыԥхьаӡара еиҳахарц азы, акыршықәса иахьынхо рынхарҭа ҭыԥқәа ирхыҵны игьежьырц азы рыԥсадгьыл аҿы имаҷымкәа аусқәа мҩаԥгатәуп.

Абри азҵаара ауп ачерқьес жәлар рыԥсадгьыл аҿы реидкылара аус аҿы зегь реиҳа азҿлымҳара зҭаху.

Ачерқьес жәлар — зкультура ҳараку, зфольклор беиоу, ижәытәӡатәиу ажәларқәа иреиуоуп. Ирымоуп рҭоурыхтә мҩа иаласу акәашарақәа, ашәақәа, амилаҭтә маҭәа.

Жәлар рашәақәа ажанр аиқәырхара ҳазааҭгылозар аедыгьқәа рҿгьы аԥсуаа ҳҿгьы жәлар рашәа иамоуп ахатәы ҭоурых, ахатәы ҷыдарақәа.

Арҭ ашәақәа классификациа рзураан амилаҭтә ҷыдарақәа хшыҩзышьҭра рыҭатәуп, еиҿырԥшлатәуп аԥсуа жәлар рашәақәеи аеды­гь жәлар рашәақәеи. Урҭ ирымоуп аивгарақәа атематикеи акомпозициеи рҿеиԥш, иара убас апоетикатә бызшәа асистемаҿгьы.

Убри инамаданы иахьа Ҭырқәтәыла еиқәханы иҟоу аедыгьи аԥсуа жәлари рашәақәа жанрла абас еиԥш еихаҳшар ҳалшоит:

  1. Аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа.
  2. Аџьа ашәақәа.
  3. Ақьабзтә ашәақәа.

Иҵегьы рыҩнуҵҟала ишоит абас: иаҳҳәап, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа шоит ԥшьбаны:

  1. Нарҭаа рашәақәа.
  2. Аҵәыуара ашәа.
  3. Агәаҟ ашәақәа, амҳаџьырцәа ирызку ашәа.
  4. Амшын аҿықәан инхо Аԥсуаа рашәақәа.

Аџьа ашәақәа рахь иаҵанакуеит:

  1. Аибаркыра ашәа.
  2. Анцәа иҳәаратә ашәақәа.
  3. Ашәарыцара ақьабзқәа ирыдҳәалоу Ажәеиԥшьаа ирызку ашәақәа (еиҳарак ари ахьеиқәхаз аԥсуаа ҳҿоуп).
  4. Ақәа арура иазку ақьабз иадҳәалоу ашәа (аԥсуаа ҳҿы уи аҩыза ашәа иаҳьӡуп Ӡиуау).
  5. Ачымазара алцара иазку ашәақәа.

Ақьабзтә ашәақәа шоит:

  1. Ачара ашәақәа.
  2. Алирикатә ашәақәа.
  3. Алаф ашәақәа.
  4. Абзиабаратә ашәақәа.

Унарокова Р. Б. иазгәалҭоит иахьа Ҭырқәтәыла инхо аедыгьқәа (ачерқьесқәа) рҟны еиқәханы ишыҟоу абарҭ ажанрқәа:

  1. Аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа.
  2. Ачара ашәақәа.
  3. Аҵәыуара ашәақәа.
  4. Аџьа ашәақәа.
  5. Алирикатә ашәақәа.
  6. Абзиабаратә ашәақәа.

Арҭ ашәақәа шоит даҽа х-гәыԥк рыла, имаҷым иара убас автортә ашәақәа:

Азми Ҭогуз уэрэдхэр,

Шагауч Меҳмеҭ уэрэдхэр,

Куба Шабан уэрэдхэр,

Афашыж Емин уэрэдхэр,

Аесат уэрэдхэр уб. иҵ.

Арҭ ажәлар рашәақәеи автортә ашәақәеи шоит х-гәыԥк рыла:

  1. Адиаспораҿы иаԥҵаз ашәақәа (хэхэс адыгэхэмрэ абхъазхэмрэ яуса уэрэдхэр).
  2. Кавказнтәи иргаз ашәақәа (Хэкужьым уэрэдхэр).
  3. Европа абызшәақәа рҟынтәи иалалаз ашәақәа, уи ашәаҳәаратә культура ҿыц иаланагалаз ахырхарҭақәа иреиуоуп.

Иазгәасҭарц сҭахуп Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуаа рашәаҳәаратә культураҿы имаҷым аҭыԥ шааннакыло Кьахьба Ҳаџьараҭ, Наԥҳа Кьагәа, Данаҟаи Ашәба уҳәа афырхацәа ирызку ашәақәа.

Ажәлар ргәалашәараҿы ашьаҭа ду нзыжьыз ашәақәа иреиуоуп: «Шьышь нани», «Амҳаџьырцәа рашәа».

Жәлар рашәақәа рыдагьы хыхь ишазгәасҭахьоу еиԥш иаҳԥылоит хыԥхьаӡара рацәала автортә ашәақәа.

Унарокова Р. Б. урҭ еихылшоит абас еиԥш:

  1. Ахаҵатә ашәақәа.
  2. Аԥҳәыстә ашәақәа.
  3. Еиуеиԥшым ақьабзқәа ирылаху рыхьӡала инарыгӡо ашәақәа.
  4. Аԥстәқәа рыхьӡала инарыгӡо ашәақәа.

Аедыгьқәа рдиаспораҿы имаҷуп аҳәса шәаҳәаҩцәа, уи еиҳараӡак изыдҳәалоу аԥҳәыс лсоциалтә ҭагылазаашьеи, лынцәахаҵареи (аԥсыл­манра) роуп.

Аԥҳәыс егьа лашәаҳәашьа бзиазаргьы, абжьы хаа лхазаргьы, уи лашәаҳәашьа иазыӡырҩуа зегьы ирызцәырнагоит агәынамӡара, еиҳа­ракгьы аҭаацәара далалахьазар, мамзаргьы лықәрахь днеихьазар.

Аԥсуаа иҳаҿҳарԥшыр уи аганахь ала аԥсуа ԥҳәызба лхы дақәиҭуп.

Аԥсуаа ҳҿы ахацәа инарыгӡоит аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәеи аџьеи ақьабзи рашәақәа.

Аҳәса инарыгӡоит ачарашәақәеи аҭаацәаратә бзазаратә ашәақәеи.

Сырзааҭгыларц сҭахуп иахьа адиаспораҿы ашәаҳәаратә ҟазара знапы алаку рыхьӡқәа:

Куба Шабан, Михри Расим Ачба, Чизамук Леми Атлог, Сабахьатдин Мульхис, Кобра Мелек, Кекдешь Невесар, Посар Васви, Конур Алп, Хамид Зиа, Абыджра Киамуран, Ахба Есат, Казбег Ҳаири, Ҭогузаҭа Азми, Кереф Хавва, Шагауч Маҳмеҭ, Сасык Шамиль, Каншат Фаик, Афашыж Еммин, Кушха Доган, Алҭан Гҩльджан, Шыж Рахшан, Джелан Аима.

Аедыгь жәларқәа рыкәашарақәа ҳарзааҭгылозар уи ижәытәӡатәиу аҟазара хкқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Иуадаҩуп инҭкааны ахы аныҵнахыз аамҭа, аҭыԥ аҳәара. Акәашара ахы акхьан ауаа аицшәарыцашьа рҵаанӡа, зынӡа ипримитивтәыз аусқәа рынагӡара рыӡбара рнапы алыркаанӡа. Иарбанзаалак амилаҭтә кәашара, уи аԥызҵаз ажәлар рыԥсҭазаашьа, рхәыцшьа, рдоуҳатә мчы знубаало саркьак иаҩызоуп.

Ажәлар ҟазшьас, ԥсыс ирхоу еилукаарц уҭахызар уазҿлымҳахар ауп урҭ ашәышықәсақәа иргәылганы иаарго рмилаҭцәа зыҟәну ркультура, акәашарагьы убрахь иналаҵаны.

Ҭоурыхла жәларыкны иҟаз, аха иахьа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа, аба­зақәа, аедыгьқәа иаԥырҵеит дара рмилаҭтә ҷыдара зныԥшуа акәаша­рақәеи ақьабзқәеи.

Ачерқьесцәа рыкәашара жәытәнатә аахыс егьырҭ ажәларқәа иаары­лукааратә иҟан, уи иамоу аццакреи аритми рыла.

Иаҳҳәап: акәашара «уџь» нарыгӡоит арегионқәа зегьы рҟны, ари имыццакӡакәа инарыгӡо кәашароуп. Ас еиԥш иҟоу, иҭынчу акәашарақәа еихыршоит абас еиԥш: ԥшаша – уџь, нсаса – уџь, ҭурунҭу – уџь, қафа; қа­фа – ҷаҳ, қафа – кәанша, тльэпэрыфэ — аԥсуа жәлар рыкәашара ашьаҵәхыртәра иашьашәалоу иццакны инарыгӡо кәашароуп. Ари акәа­шара еиҳараӡак ирылаҵәаны иҟоуп ашаԥсыӷқәа, аублаа, аԥсуаа.

*афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор

Yazarın Diğer Yazıları

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img