Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

«Quo Vadis» Аҧсны

Урыстәыла Федерациа ала аилаӡара ҿыц Аҧсны’и диасҧораҿы агәынамӡара, агәамҵра шьҭнахит.

Аҧсны’и диасҧореи рмшазҵаара, ҩы ҭагылазаашьа акәшара иадшылоит. Ҧицунда иҟо адгьыли, атәымуаа идраархәаразы аҭӡдуқәа реихаргылара…


Ҩы темак ҟоуп; ҷыдала 2022 ашықәс инаркны, уажәраанӡа Аҧсны’и диаспореи ирымҵакыу.

  1. Аҧсны Аҳәынҭқарра’и (АҦ), Урыстәыла Федерациа (УФ) ҧаса ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иахәҭаны, ақьирала (УФ) ахархәарахь иҟаз, Ҧицунда’тәи «аҳәынҭқарра сасааиырҭа» ма «ҧхыныҩны комплекс» ҳәа зӡбахәы ҟоу аҭыҧ иазкны, аиқәшаҳаҭра ҿыцк напаҵаҩра.
  2. Атәымуаа ираархәаразы, 30 ны зықь квартира ҿыц, еиуеиҧшым тәарҭақәа рҿы еихаргылара. Уф -Украиына аибашьра иалагӡаны, Крым амҩа зхысуо ацҳақәа ажәылара нарықәла нахыс, (УФ), Аҧсны арбаза шьақәыргылара шаҭахәу идырыуп. Арҭ аҩ темагьы убри ишамадоу аартыуп. Арбаза аруаҩцәа, рҭаацәеи дари рнхарҭақәа аргылара инавакны, еизыҟазаашьа закәанқәа рӡбарагьы иахәҭахоит.

Аҩ тема иазкны, Аҧсны аиҳабыра иаанарыҧшыз аҧшьгаразы, Аҧсныгьы, диаспорагьы аҿагыларақәа ҟалит. Аҳәамҭақәа бжьарҵит, напаҵаҩра кампаниақәа ҟалит. Ирҳәарц ирҭахын: Аҧсны милаҭытә шәарҭадара ишахәарҭам, етно-демографииа ҭагылазаашьа шаҧсахуо, аилаҩышьара шацнаҵо, ахатәы бызшәа, акультура аҧхасҭа шанаҭо.

Аҧсны Аҳәынҭқарра шьақәыргылара аҧыза, Владислав Арӡынба иҳәамҭа угәаладыршәоит оппозиционерқәа. Анцәа ихазы иалыихыз адгьыл, иҳахьчаразы иҳаиҭит. Ус анакәха, уи иҧшьоу адҵоуп, ламыс ҳаракуп.

Аҿагылара зқәгыло амзызқәа иааркьаҿны;

-Ҧицунда’тәи аҭыҧ, 30 шқәса раҧхьа, 49 шқәса хархәаразы (УФ) иаҭан. Аиқәшаҳаҭрагьы, шқәса ацҵарагьы, Аҧсны иаҿагыло аӡәгьы, хеилакгьы ыҟам.

-Аҿагылара, (АҦ) крагзырхо аиҭакрақәа рла аиқәшаҳаҭра ҿыц хьҟалаз азоуп.

-Аиқәшаҳаҭра ҿыц ахәҭаҷқәа рла, (УФ) аусуҩыцәа Аҧсны азакәан иаҵанагӡом.

-Ахҭысқәа рзныҟәараҿы, (УФ) азакәан хархәарахоит.

-Ҧаса иҟамыз, амшын хархәарагьы иацҵоуп.

-Ишьҭо-иеиҭаҵо амазаарақәа зегьы, ҧаса ақьыр иаман, уажәы тәырахоит.

-Ҳәаа змам аргыларазы азин рауоит. Адгьылқәа, џьара џьара милаҭытә паркны иҟоуп, ҳәсарҧсарроуп. Иҧшьоу абжь нхақәа руакы, зӡбахәы ҟоу аҭыҧқәа ирҭагылоуп.

-Ари иеиҧшу аиқәшаҳаҭрақәа, аҳәынҭқаррақәа ирыбжьазароуп. Аха араа аиҳабыра рхьӡ мҩасуеит.

Оппозиционерқәа аиҭакрац ирҭахәу:

-Адгьылқәа, аҭӡықәа қьырала (УФ) аҭара.

-УФ аусуҩыцәа атәылауаҩқәа Аҧсны азакәанқәа ирыцныҟәароуп.

-Ҽаӡәык иҭара, ҽанаплакык аҭара шҟамло ахәҭаҷқәа алаҵара.

-Адгьыл аҳәаақәа, ҧасатәи аиқәшаҳаҭраҿы ишыҟоу еиҧш рааныжьра.

Yazarın Diğer Yazıları

Dilovası nöbeti 6. haftasında: “Dilovası katliamı Türkiye’deki çalışma rejimini ortaya çıkaran bir olay oldu”

Kocaeli Dilovası’nda 7 işçinin yaşamını yitirdiği iş cinayetine ilişkin davanın 3. duruşması öncesinde aileler ve sendikalar yine alanlardaydı. Sanıkların birer birer tahliye edilmesine ve...

“Zamantı’ya Sadakat” bisiklet turu

Kayseri Kafkas Derneği’nin 17-18 Temmuz’da Pınarbaşı, Kaynar Köyü’nde yapacağı 10. Uluslararası Uzunyayla Çerkes Kültür Festivali kapsamında konserler ve sergilerin yanı sıra bir de bisiklet...

10. Uluslararası Uzunyayla Çerkes Kültür Festivali başlıyor

Kayseri Kafkas Derneği’nin düzenlediği 10. Uluslararası Uzunyayla Çerkes Kültür Festivali’nin ilk günü olan 17 Temmuz’da etkinlikler Kayseri Kafkas Derneği'nde gerçekleştirilecek. 12.00’de açılacak “Çerkes Kültür Sergisi”,...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img