«Аполитика атәы ҳҳәозар, аҳәса еиҳа имаҷуп…»

0
1223

-Ҳаҭыр зқәу Елеанора Коӷониаҧҳа, бзанааҭ, насгьы бнапы злаку аусқәа иааркьаҿны иаҳзеиҭабҳәар блшома?

-Сзанааҭ иахысҳәаари? Уажәшьҭа инеиԥынкыланы 30 шықәса иреиҳауп ажурналистра снапы алакужьҭеи. Акәты иалшо, акәтаӷь рымҳәои. Исылшо ауп иҟасҵо. Ауаҩы иара инапы злаку алацәажәара, ахҳәаа аҭара изымариам. Саргьы убасоуп. Сыҩуеит, сцәажәоит, сдунеиқәыԥшылара ишаӡбуа еиԥш. Иахьа аконкуренциа рацәоуп аинформациатә хархәагақәа рҿы, уахьӡаӡом аԥыҩлара. Сара еиҳарак аколумнистроуп сызҿу Спутни Аԥсны адаҟьаҿы. Ателехәаԥшраҿы средакторуеит. Ажурналист лаҳасабала, схәыцрақәа ахьаасырԥшуа Спутник адаҟьаҿоуп. Ара ацензура ԥырхага снаҭом, еиуеиԥшым ахҭысқәа ахҳәаа рысҭалоит ԥсышәала. Иахьа ахатәы бызшәа аҭагылазаашьа уадаҩуп, аԥсуа статиақәа еиҳа имаҷны ирыԥхьоит, аурсышәа аԥхьагылара агоит. Ус акәзаргьы, аԥсшәа ааныжьны даҽа бызшәак ала аусура саламгеит. Шәҩык аԥхьаргьы акы иаԥсоуп. Избоит санҵамҭақәа Ҭырқәтәыла инхо адиаспора ахаҭарнакцәагьы шаԥхьо, уи сгәы иахәоит, избанзар, дара аурсышәа рыздырӡом, ҳара ҳбызшәала еилыркаауеит араҟа иҟоу ахҭысқәа. Ажәакала, аус зуеит ишсылшо ала…

-Аҳәса адунеи зегьтәи рымш хәажәкыра 8; аҳәсарзы, насгьы бара бхаҭазы ҵакыс иамози…

-Март 8 ҳәа иазгәарҭо аныҳәа, санхәыҷыз аахыс бзиа избоит. Ҳара асоветуаа уи ҳаларааӡеит. Аҳәса аԥсҭазаараҿы аԥхьагыларақәа ахьрымо маҷӡам, иамоузеи нас, шықәсык ахь знык ашәҭқәа ҳдыркуазар?! Аԥсуа ԥҳәыс лџьабаа рацәоуп, ҳара аҩнусқәагьы ҟаҳҵароуп, аус уны аԥарагьы ҳарҳароуп. Иазгәасҭарц сҭахуп ахақәиҭрагьы маҷымкәа ишҳамоу. Зегь ртәы сызҳәом, аха сара алшара сымоуп аус суратәы, исҭаху сыҩратәы. Ари разҟуп аԥҳәыс лзы. Ииашоуп, исырҳауа рацәам, аха усгьы, сыԥшәмеи сареи ҳахшара млакы иамыркыкәа иҳааӡеит, абахҭагы Анцәа ҳадимырԥшылац. Аринахысгьы сааигәа иааумган сҳәоит уи абахҭа. Ажәакала, март 8 ахь схынҳәуазар, аҽны атеатр ахь ацара сгәы иҭоуп. Схазы аныҳәа ҟасҵоит, даҽа ҳамҭак сазыԥшым…

-Аҳәса ризинқәеи рсоциалтә бзазашьа аганахьала Аҧсуа ҧҳәыс лҭагылазаашьа, насгьы уи рпроблемақәа аӡбаразы иҟаҵатәу…

-Зинла Аԥсны аҳәсеи ахацәеи еиҟароуп. Аха, ԥсабарала аԥҳәыс лзы анра ахьхадоу аҟынтә, ахацәа акариера аныҟарҵо, аԥҳәыс абзаратә усқәа аамаҭа рацәаны илцәагоит. Аполитика атәы ҳҳәозар, аҳәса еиҳа имаҷуп, уимоу акырӡа имаҷуп ахацәа ирыҿҳарԥшуазар. Иҟалап ишынармышьҭуа иазхәыцны, аҳәса рацәак аполитикахь, ачынуаҩрахь имцозар. Хаҭала сара ачынуаҩра сҟазшьа ианаалом, сызҿу аус аҿы еиҳа ахақәиҭра сымоуп. Аиашазы, аҳәса, ахацәа ҳәа уамак реилыхра иашамзаргьы ҟалап. Намысла зыжәлар рымаҵ зурц зҭахыу дарбанызаалакгьы уи аҩыза алшара имоуп. Амчраҿы ахацәагьы, аҳәсагьы ҳбахьеит, аха шамаха уи зхазы зхы иазмырхәаз дсыздыруам. Акы заҵәык, аҳәса ахацәа раҵкысгьы аҵара ашьҭкаара рылшоит, агәаӷьрагьы еиҳа ирымоуп, уи шьақәнарӷәоӷәоит иаҳхаҳгаз аибашьрагьы. Аҳәса хьаҵӡомызт, аибашьцәа гьежьуазаргьы. Аԥсуа ԥҳәыс ҳара ҳҭоурых аҿы акырынтә ишьақәлырӷәӷәахьеит аибашьраҿгьы, анраҿгьы, амчраҿгьы дышхәыдам. Ҽааны Апарламент ахь алхарақәа ҟалоит, издыруада уахь анеира зылшо аҳәса ҟалар, иахьазы ԥҳәыск лоуп иҟоу азакәанԥцаратә усҳәарҭаҿы …


 Елеонора Асҭамыр-иԥҳа Коӷониаԥҳа

Елеонора Асҭамыр-иԥҳа Коӷониаԥҳа диит март 23 1963 шықәсазы Очамчыра араион Қәтол ақыҭан. 1985 шықәсазы далгеит Қарҭтәи атеатртә институт актриса лзанааҭ лыманы. Аус луан Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы актриса лаҳасбала. 1987 шықәсазы дҭалоит Аԥснытэи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет. Далгоит 1991 шықәсазы. 1989 шықәса инаркны аусура далагоит Аԥсуа телехәаԥшраҿы, ахәыҷтәы дырраҭара аредактор лаҳасабала. 1994 шықәса инаркны диасуеит атематикатә ҟәшахьы. Иара убас, аус луан ажурнал «Ауаажәларра», агазет «Нужнаиа» рҿы. 2015 ш раахыс аус луеит аԥсуа телехәаԥшраҿы. Авторс дрыман адырраҭарақәа «Ажәа», «Абырҵкал». Имҩаԥылгон ауаажәларратә-политикатә хырхарҭа змоу ишиашоу ицо адырраҭарақәа «Аҳәатәы», «Аизара». Ҳазҭагыло аамҭазы аԥсуа телехәаԥшра атематикатә дирекциа аредактр еиҳабыс дыҟоуп, иара убас, Жəларбжьаратəи аинформациатə маҵзура Sputnik аколумнист дыҟоуп.

Абазаа Рбжьы (Абхаз-Абазин)

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz