Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Аҧснытәи аҳәса ҳразҵааит

Хәажәкырамза-8 иазкны итҳажьыз «Саҭанеи» зыхьӡаҳҵаз ари иҷыдо ҳномер аҟны; Атаман Кәыџба, Аҧснытәи аҳәса дразҵааит: Шәгәаанагарыла, «Мчызмоу ҧҳәыс» дарбану, дзеиҧшроузеи? «Мчызмоу ҧҳәыс» лзуҳәартә еиҧш дҟазҵои? Ҧҳәыск лаҳасаб ала, шәыҧсҭазаараҿы шәызҿыҧшыша, агәаҧхара, агәацҧыҳәара шәызҭаша аҧҳәыс, зеиҧшрахарызеи уи лхаҿсахьа, лҟазшьа аҷыдарақәа?


Сара сгәаанагарыла «мчызмоу ҧҳәыс»; акыр злоу, еилҟьоу, иҟәышу, илҭаху здыруа, аекономиа аганахьала зхы иақәиҭу ҧҳәыс лоуп. Сҭаацәа иалҵыз зымчха ҭбааз аҳәса сара сзы ҿарҧшыган. Урт аҭаацәараҿгьы, ажэлар рыҿгьы зажәа амч змаз ҳәсақәан. Анра аганахьалагьы сара сзын ҿырҧштәыс иҟан, иагьыҟоуп иахьагьы. 

Гунда Анқәаб


«Мчызмоу ҧҳәыс» зус, ззанааҭ иазҟазоу, лыҧшәма дивагыланы лыхшара иреиӷьу аҟазшьақәа, аҵасқәа рылааӡара зылшаз, аҭаацәа еилымшәарада иныҟәызго ҧҳәысуп ҳәа исыҧхьаӡоит! Убри аан акырӡа аҵанакуеит лыуа-лҭынха, лҩызцәа ҳаҭырла рызныҟәара! Хымҧада ҳҵас ишаҵанакуа ала аҽеилаҳәара, аҽырҧшӡара лыгымзароуп! Ари зегьы мариам, аха уи зылшо «мчызмоу» ҧҳәыс лоуп. 

Тамила Аршҧҳа 


Иахьа аԥҳәыс ахаҵа дааиваҟәыло алшарақәа лымоуп. Уи лыԥсҭазаара иагьарманшәалоит, иагьаруадаҩуеит аамҭакала. Аиашазы, ҳаамҭазы имаҷым анапхгара знапы алаку аҳәсақәа. Аԥҳәыс-анапхгаҩы лхатәы ԥсҭазаараҟынгьы данеиқәшәоу-убри сара сзы ҳаҭыр ду зқәысҵо цәырҵроуп. 

Есма Џьниаҧҳа 


«Мчызмо аҧҳәыс» ҳәа ззуҳәашьа, ҧшрала-ҧшӡарала иеиқәшәо лакәӡам. Иагьа упопуларзаргьы, иагьа убеиазаргьы ус изыҟалом. Ҧҳәыск лҳасабала «амч», лара ҩныҵаҟала илымо лдоуҳатә мазареи лҟазыша реизгақоароуп аҳҳәар алшоит. Сгәаанагарала, усҟан ауп ҿрыҧштәыс уаныҟалоу. 

Аҳәса доусы, ари азҵаара еиуеиҧшым аҭакқәа арҭар алшоит. Аӡәы, лара лхаҭа лнапы злаку аус аганахь ала ахацәеи лареи еиҿрыҧшны, амч лымоу-лымамоу ҳәа ианылыӡбоу, даҽаӡәы лыҩны аҩнуҵаҟатәи лымчеи лылшареи аҧышәа ауп аҧхьа иқәлыргыло. Ари азҵаара азнеишьа изеҧшрахазаалакгьы, арҭ азнеишьақәа иҵакыдоуп ҳзыҳәом. Зегьакоуп, ара ахадара змо, ари азнеишьа гәык-ҧсыкала уахьынӡа зыҟо ауп. Аҧҳәыс, иалылхуа амҩа иарбанызаалакгьы; аҩны аус ныҟалҵо уҳәа, асоциалт леимадареи, лсасыдкылашеи уахәҧшны илымо алшара еилукаар алшоит. 

  

Аҧҳәыс; амч, алшара лыман дыиӡом. Амч лоуырҵ аҧҳәыс; лыҧсҭазаашьа хла-ҳәыла еилаҵаны насгьы еиҭашьақәыргылара акәзам иаҭаху. Лыҧсҭазаара еиӷьылтәырц, иахьа мчыданы зхы зыҧхьаӡо аҧҳәыс; шаҿа шаҿа ҧхьаҟа ацароуп дзызхәыцшьа. Иаҳҳәап; есымша лгәызҭызхшьа аусқәа налыгӡароуп. Ари иналыгӡо аус, ларалзын иҿыцу алшарақәа цәырнагар алшоит. Нас аамҭак рышьҭахь, иаҳа аус дуқәагьы қәҿиарала ишыналыгӡо агәралнаргоит. 

Аҧҳәыс, баҩыхатәрала, ахаҵа диаҧым. Ахаҵа иаҟарагьы дыӷәӷоуп. Зхы зымжьо, аҧстазаараҿ хадара змоу атакпхықәрақәа здыруа, лгәы иаҭаху аҟаҵара иақәиҭу, социалтә ҧсҭазаараҿ иналыукааша аҭыҧ аанызкылоу, илымо апотанциал дырны уи иаҳагы иацылҵарц азы агәаҳәара змоу аҧҳәыс, «мчызмоу ҧҳәыс» ҳәа дсыҧхьаӡоит. 

Лаана Басариаҧҳа 

Yazarın Diğer Yazıları

Ankara ve İstanbul’da ‘Çerkes Kültürü Günleri’

Ankara’daki Rus Evi 15 Nisan saat 17.30’da “Çerkes Kültürü Günleri” etkinliğine ev sahipliği yapacak. “Çerkes Kültürü Günleri”nde, Adigey’in ünlü topluluğu Aşemez ile Kabardey-Balkar Cumhuriyeti’nden Vyacheslav...

Gençlerden 21 Mayıs çağrısı: “Miras senin, söz senin”

21 Mayıs Çerkes Soykırımı’nın bu yılki programına dair Ortak Akıl Masası’nda söz kurmak üzere 10 Nisan Cuma akşamı saat 19.30’da gençler İstanbul Kafkas Kültür...

‘Sözün Üç Hali’

İstanbul Kafkas Kültür Derneği (İKKD), 2019’dan bu yana dernek bünyesinde faaliyetlerini sürdüren Seteney Çalışma Grubu’nun koordinasyonunda ‘Sözün Üç Hali-Yazarlar Söyleşisi’ başlıklı etkinliği düzenliyor. Söyleşi 11...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img