Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

«Ауааԥсыра рыԥсҭазаараҿы аԥсыӡкра аҭыԥ ду ааннакылон…»

-Ҳаҭырзқәу Оҭар Ӡиӡариа; ҳашәзааҭгылар ҳҭахуп Аҧсуаа Рыҧсыӡкра аҭоурых…  

-Аԥсыӡкра Аԥсны ирдыруеит жәытәӡаахыс З. В. Анчабаӡе излазгәеиҭо ала, анеолиттә Кистриктәи анхарҭаҿы инхоз ауааԥсыра рыԥсҭазаараҿы аԥсыӡкра аҭыԥ ду ааннакылон. (Аԥсны иаарԥшу Кистриктәи анхарҭаҿы инарҭбааны иааԥшуеит ахаҳәтәи анеолиттәи индустриа аҿиара астадиақәа зегьы.) Еиҳараӡак аԥсыӡ ахьыркуаз амшын аҟны акәын. Кистрикаа рхы иадырхәон анхарҭа атерриториаҿы хыԥхьаӡара рацәала иаарԥшыз аӡаарҟәрылага маҭәахәқәа. Урҭ ҟьаԥсны, иаазыгьежьны иҟан, рганқәа аҿаҳәара маншәалахартә иҭаԥҟан. 

Иҟалап, Аԥсны атерриториаҿы анеолиттә аамҭазы, аԥсыӡкра анхамҩа аусхк хадақәа ируакны иҟазҭгьы. Л. Н. Соловиов игәаанагарала, анхарҭа ҭыԥ алхраан аԥсыӡкра ӷәӷәала хшыҩзышьҭра арҭон. Машәырӡам Очамчыратәи анхарҭаҿы акаҭакәа рзы аӡаарҟәрылага хьанҭақәа лассы-лассы иахьуԥыло. 

Амшын аҟны амшын-ҳәақәагьы шыркуаз шьақәдырӷәӷәоит археологиатә материалқәа рҟны иҟоу урҭ рыбаҩқәа. Зыӡбахә ҳамоу аамҭазы, иҟалап, ашхәақәагьы рхы иадырхәозҭгьы. Ҳара ҳера иалагаанӡа IV-III ашәышықәсақәа аҩбатәи рызбжазы (Диоскуриада ашәҭыкакаҷра аамҭа) Аԥсны атерриториаҿы зегьынџьара иҿиоит аԥсыӡкра, уи атәы рҳәоит, хәҭакахьала, акаҭақәа реидҳәаларазы антикатә ҿырԥшыгақәа рыла иҟаҵоу аспицқәеи убасгьы аџьаз иалху аԥсыӡкыга ҵәгәырқәеи. 

Лымкаала аинтерес рыҵоуп археологиатә ԥшаарақәа раан ирбаз ачанахқәеи аирыӡқәеи, урҭ аԥсаатәқәеи аԥсыӡқәеи рсахьақәа рнуп. 

-Ашха инхо ауаа рыҧсыӡкра атәы аҳҳәозар…  

-Амшын иазааигәаны инхоз аԥсуаа реиԥш аԥсыӡкра рнапы алакын ашьха ҭыԥқәеи убас егьырҭ арегионқәеи рҟны инхоз аԥсуаагьы, избан акәзар аӡиасқәа ԥсыӡла ибеиан. Раԥхьаӡагьы инаргыланы, уи шьақәдырӷәӷәоит археологиатә ԥшаарақәа раан ирбаз аԥсыӡқәа рыбаҩқәеи аԥсыӡкыга маҭәахәқәеи. Ҩбагьы, иахьа Аԥсны араионқәа зегьы рҟны хыԥхьаӡарала имаҷымкәа ашәҟәы иануҵар ҟалоит аԥсыӡкра иадҳәалоу атерминқәа. Атәым бызшәақәа рахьтә иалалаз рнаҩсан, аԥсуа бызшәаҿы еиқәхеит аԥсышәала аԥсыӡқәа рыхьыӡқәа 83 инареиҳаны. Иазгәаҭатәуп ақырҭуа бызшәаҿы аԥсыӡкразы иҷыдоу ашаха «аԥхазури баҵари» ҳәа ишашьҭоу. Иара абри атермин аабоит 17-тәи ашәышықәсазтәи ақырҭуа грамотаҿы.  

Абасала, Аԥсны аԥсыӡкра жәытәӡаахыс ирдыруеит. Хыхь ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, аԥсыӡ ркуан амшыни, аӡиасқәеи, аӡиақәеи рҟны. Рыӡбахә ҳамоуп аԥсуа бызшәаҿы иҟоу аԥсыӡқәа рыхьыӡқәеи аԥсыӡкыга маҭәахәқәеи акырӡа. 

  

-Ашхақәаркын ирклоз аҧсыӡқәа ирыхьӡуи?  

-Аԥсны-шьха тәылоуп. Араҟа рхыԥхьаӡара рацәоуп усҟак идуум аӡиасқәа. Урҭ рхыҵхырҭақәа рҿы еиҳа иуԥылоит акалмаҳа (форель). Абжьараҿы иуԥылоит егьырҭ аԥсыӡқәагьы. Урт иреиуоуп: асеиҳаҷ (усач), ақьауқьас (щиповка), амлагур (лосось) убас егьырҭгьы.  

  

-Аԥсуаа еиҳа иеицырдыруаз аԥсыӡқәа рыхьыӡқәа еиқәышәҧхьаӡар…  

-Абарзал, азалан (белуга), агыцаԥшь, гәыҵԥшь (барабулька), аӷлам, амшын-ла (акула), адырӷыӷ (горбыль), адоурҳан (катран), ахиаала (щука), аҷыгага (тархтун), акалмаҳа (абжьуатәи адиалект), акамлаҳ (бзыԥтәи адиалект), ақьесҭам (лещ), амаҭ-ԥсыӡ (игла), аҧсардаҳан (сельдь), аԥаҵақьиа, аԥашә-ԥсыӡ (сом), аԥҟаш (абжь. ад.), аԥҟыш (бз. ад.) (сазан), ажьынҭхь (севрюга), аҭкәицар (карась), аҭлаԥс (сардина), аҭрыс (абжь. ад.), аҭроԥ, атоп (бз. ад.) (южная быстрянка), аҭлаԥ (лобан), аҵыхәсыгә (бз. ад.) (ставрида), аҵеред, аӡыжь-ԥсыӡ (голавль), ахамса, ахамсы, акамшьиа (бз. ад.) (хамса), ацәыбла (окунь), аҷарқал (мерланка), ашәиаҟь (абжь. ад.), ашәеиаҟьа (бз. ад.) (камбала), ашәыбӷьы, амырӷыӷ (колюшка), ашә-ԥсыӡ, акьынҷа. 

Абарҭ аԥсыӡ хьыӡқәа аԥсуаа ибзианы иеицырдыруеит, урҭ иаадырԥшуеит абызшәа аԥсуаа рпрактикатә усура инавагыланы ишҿиауаз, рыԥсҭазаараҿы аԥсыӡкра атыԥ ду шааннакылоз. 

Иара убасгьы абраҟа сарзааҭгыларц сҭахуп аԥсыӡ ахәҭа хадақәа рыхьыӡқәа. Урҭ иреиуоуп: абла, аԥаҵа, агәышԥырӡсага (абжь. ад.), агәышԥырӡсыга (бз. ад.) (грудной плавник), амгәацәарӡсага (абжь. ад.), амгәацәарӡсыга (бз. ад.) (брюшной плавник), акан, амыдаӷьцәа (абжь. ад.), акан (бз. ад.) (чешуя), аҵыхәа (абжь. ад.), аҵыхә (бз. ад.) (хвостовой плавник), азқәарӡсага, ахӡы (абжь. ад.), азқәарӡсыга (бз. ад.), арӷыӡ (спинной плавннк), алымҳарҭаҳаҭа, аԥсыԥцарҭа, алымҳарҭа (жаберная крышка). 

Абыргцәа руаӡәк игәаанагарала, аԥсыӡ аԥсуаа ажәытәан фатәыс ирыман, аха Аԥсны анхамҩаҿы арахәааӡара ихадоу усхкны ианыҟала, урҭ рыфатә хкқәа рҟны акәаци ахш аалыҵқәеи аԥыжәара роуа иалагеит. 

Аурыс фицар Ф. Торнау излеиҳәо ала, аҟәара иазааигәаны инхоз аԥсуаа еиҳараҩӡак аԥсыӡ ркуан згьама бзиаз амлагәыр рацәаны иахьамаз ашьха ӡиасқәа рҟны. 

Абри азҵаара иазкны Г. А. Ӡиӡариа иазгәеиҭоит «Аԥсны амшын аҿықә аҟны аԥсыӡкра зны ихадоу аҭыԥ ааннакылон, ашьхараҿы ашәарыцара акырӡа шаҵанакуаз еиԥш» ҳәа. 

-Аҧсуаа рыҧсыӡкра аамҭеи рыҧсыӡ кыша иахышәҳәаауеи.  

-Аԥсуаа рыԥсыӡкышьақәа еиуеиԥшымызт. Аӡиасқәа Ԥсоу, Бзыԥ, Мҷышь, Хыԥсҭа, Ааԥсҭа, Гәымсҭа, Кәыдры, убас егьырҭгьы рҟны, аԥсыӡ амазар, алшықәсанык иркуан, аха лымкаала аԥсыӡкра иаамҭаны ирыԥхьаӡон ҭагалани ааԥыни. 

Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз абырг иажәақәа рыла, ҭагалара ԥсыӡкыга маҭәахәыс рхы иадырхәон адарач. Уи ахәажә, аԥслыш уҳәа убас егьырҭгьы рымахәқәа ирылырхуан, ихиаз адарач амҵәышә аформа аман. Ҭагалан, аӡиасқәа анмаҷхалак, аԥсыӡқәа ахьиасуаз уи ҭадыргылон. Аԥсыӡ анҭашәалак, адарач быӷьла ихырҩон. 

Иара убасгьы аԥсыӡкраҿы рхы иадырхәон акуԥа. Уи аконус ԥшра аман, аганқәа аҩнуҵҟахь иҭаҽылон, урҭ абысҭа рхьыршьуан. Абасеиԥш иҟаҵаз акаҵкәыр аԥсыӡ ҭашәар, ҭыҵшьа амамызт. 

Ааԥынразы аӡиасқәа рҟны аԥсуаа аԥсыӡ абас иркуан: «Иахьыцаҟьарсҭоу аӡиас ахықә аҟны ахаҳәгәара ҟарҵон, аҭаларҭа аҭаны. Аԥсыӡ уахь иҭаланы акурҭ аунажьуан. Убасҟан аҭаларҭа бӷьыла иршәаҳауан. Аԥсыӡ ссақәа анрызҳалак, адуқәа ркуан, нас ахаҳәгәара ԥырганы ассақәа аурыжьуан». Аинформатор иажәақәа рыла, абасеиԥш иҟаз ахаҳәгәарақәа рҟны 400 ԥсыӡ рҟынӡа аныркуазгьы ыҟан. 

Аԥсыӡ ркуан ҵәларслагьы. Уи-иӷәӷәаз, ииашаӡа, метрак инеиҳаз, зԥынҵа ҵарыз лабан. Уи аҵарра аԥсыӡ дуқәа ирыларҵон. Зны-зынла аҵәларс аҭыԥан рхы иадырхәон аҵәырхәа (гарпун). Аригьы аԥынҵа ҵарын, уи ырхәан, мамзаргьы ииашан, ашаха ацраҳәан. 

Убасгьы аԥсуаа ԥсыӡкыгас рхы иадырхәон анхац. Уи ҩ-цык аман, иаларкуан аԥсыӡ дуқәеи амшын-ҳәақәеи. 

Ашьха ӡиасқәа рҟны акалмаҳа иеихсуан ахьши ахәымпали рыла. А. Миллер 1907 шықәсазы Аԥсны даныҟаз аԥсуаа абасеиԥш аԥсыӡкра кармыжьцызт. Уи иҩуеит ашьха ӡиас маҷқәа рҟны ахыци ахәымпали рыла акалмаҳа шыршьуаз. 

Аԥсуаа амшын аҟны каҭала акәын аԥсыӡ шыркуаз. Акаҭа акәны иалырхуан, уи жәны арахәыцқәа ҟарҵон, нас урҭ рыла акаҭа рԥон. Акаҭа аӡаҿы имӡааҟәрыларазы ахахьала иацрарҳәон амза, мамзаргьы даҽа ҵла-жәлак иалху аӡаамырҟәрылагақәа, ҵаҟатәи ахәҭаҿы, агьежьрала иацрарҳәон ахы. Аӡаамырҟәрылагакқәеи ахқәеи рыбзоурала акаҭа ашьшьыҳәа, иеизеиҟараны аӡы иалаҳауан. Шхәала аԥсыӡ аныркуаз рхы иадырхәон идыршәуаз акаҭа. Зкәакьқәа иашаз акаҭақәа ҭадыргылон аҟәара иаҳа иахьазааигәаз аҭыԥқәа рҟны. 

Аԥсыӡ иара убасгьы иркуан аҵәгәыри аркьыци рыла. Жәаба-жәохә ҵәгәыр зныкала инеицәыхара-неицәыхараны шаха дук иадырҳәалон. Аҵәгәыр аӡы ианҭадыршәуаз наҿарҵон алахы, мамзаргьы ахәац. Уахынла абасеиԥш иҟаз аԥсыӡкыга амшын ишӡаау иаанрыжьуан. Уи акраҿашәазар шьыжьла игәарҭон. 

Аԥсуаа ажәытәан амшын-ҳәақәагьы ркуан. «Уи аус аԥсуаа рзы ихырҳаган, избан акәзар амшын-ҳәа ашша абзазараҿгьы рхы иадырхәон, аџьармыкьаҿгьы ахә аман». 

Амшын-ҳәақәа ркуан 5-8-ҩык еицны. Аԥсуаа амшын ихылон коллективла, аԥсуа шхәақәа ирҭатәаны. «Ажәытәан амшын-ҳәақәа ршьуаи аихацқәа рыла, иҳаҩсхьоу ашықәсқәа раан иҟан аамҭақәак, урҭ шәақьла ианыршьуазгьы; иршьыз ҵәаҳәла ашхәа иакәрыжьуан». (Ӡиӡариа Кәаҵиа Дахәас-иԥа иажәақәа рҟнытә иаагоуп. Ианҵоуп Гәдоуҭа араион, Лыхны акыҭан, 1981, ииуль 10 азы.) Ф. Торнау 1835 шықәсазы аԥсуаа амшын-ҳәақәа шыркуаз аметодқәа руак дахцәажәеит. Ишдыру еиԥш, амш аныбзиоу амшын-ҳәақәа амшын ихиаалоит, зны-зынлагьы иналԥа-ҩалԥоит. Ф. Торнау иҩуеит: «Аԥсуаа аӡы ихылопт аҵла агәыцә иалху анышь хәыҷқәа рыла, акыр иауу, фбаҟа фут иҟоу каҭала аӡы ҭахыркаауеит. Акаҭа хыхьла иамоуп, аӡаамырҟәылагақәа, ҵаҟа-аидара, убарҭ рыбзоурала уи ииашаӡа аӡы иалагылоит. Ҩба-хԥа нышь акаҭа иҭанахкааз аӡы ихылоит, аԥсыӡкыҩцәа иара абраҟа иҟоу амшын-ҳәақәа рышьра иалагоит». 

Иршьыз аԥсыӡ аныдрыцкьалак, ашша амцаҿы идыршуан ачычха ҟалаанӡа. Амшын-ҳәа ашша абырзен хәҳахәҭцәеи аҭырқәцәеи иддырхәҳауан, идырҳаз аԥара еиҩыршон. «Аԥсуаа иара убасгьы амшын-ҳәақәа рышша рхы иадырхәон жәлартә медицинаҿы. Иаҳҳәап, ачычха рырҭон згәаҵәақәа зыхьуаз, иршу ашшз рхы иадырхәои абылраан.» 

XVII ашәышықәса алагамҭазы аԥсуаа рҟны аԥсыӡкра амҽхак еиҵахеит. Абри азгәарҭоит авторцәа жәпаҩык. Иаҳҳәап, XVII ашәышықәса алагамҭазы Ламберти иҩуан аԥсуаа «аԥсыӡ рфаӡом. аӡиасқәеи амшыни рҟны уи ркыр шрылшозгьы» ҳәа. А. Леонид иазгәеиҭоит «аԥсуаа аԥсыӡкра зынӡа рнапы алакӡам» ҳәа. 

Ҳгәаанагарала, аԥсуаа аԥсыӡкра акырӡа иахьынрыжьыз зыхҟьаз аҭагылазаашьақәа маҷӡам. Урҭ иреиуоуп, иаҳҳәап: 

  1. Аҭырқәцәа имҩаԥыргоз аекспансиа аԥсуаа аԥсыӡкразы ирзыманшәалаз, аҟәара иазааигәаз аҭыԥқәа ныжьны, ашьха раионқәа рахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҭанаргылон.
  2. Ишдыру еиԥш, XIX ашәышықәсазы Кавказтәи аибашьра нҵәеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсуаа Ҭырқәтәылаҟа рахгарала. «60–70-тәи ашықәсқәа раан амхаџьырра мацара иахҟьаны Аԥсны иахган 80 нызқь-ҩык». Ари еилыхха иаанарԥшуеит амшын аҟәара иазаангәаз аҭыԥқәа рҟны аԥсуаа рхыԥхьаӡара зынӡа ишмаҷхаз. Уи, ҳәарада, аԥсыӡкра ӷәӷәала еиҵанамархар залшомызт.
  3. Аԥсыӡкра амҽхак еиҵазтәыз амзызқәа ируакны иҟап иара убасгьы Аԥсны амшын аҿықә акәша-мыкәша атәцәа рылахәҳахәҭра арӷәӷәара. «Абри аганахьала еиҳагьы илахьеиқәҵагоу аамҭа ааиуеит XVI ашәышықәса инаркны, аҭырқә сулҭанцәа раҳра анышьақәгыла нахыс».

Абас ишыҟазгьы, Аԥсны усҟантәи аамҭазы аԥсыӡкра зынӡа иацәхьамҵӡеит, уи ишаҿыц иаҿын ашьха ӡиасқәа рҿы. 

Аԥсуаа рҟны аԥсыӡкреи аԥсыӡқәеи ирызкны адырраҭарақәа злоу аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа зынӡа иахьмаҷу аҟнытә, абызшәеи афольклори ирылоу аматериалқәа акырӡа рыҵаркуеит. Хыхь иаҳҳәаз ахарҭәааразы иаагап имаҷымкәа аинтерес зҵоу фольклортә материалқәаки, убас егьырҭгьы. Аԥсыӡ иадҳәалоу аелементқәа уԥылоит аԥсуаа рцәажәараҿы. Иаҳҳәап, бзыԥтәи аԥсуаа ирҳәоит икан кеиԥсом ҳәа, даҽакала иаҳҳәозар, дажәӡом ҳәа ауп иаанаго. Акалмаҳа даҩызоуп ҳәа ззырҳәо еинаалоу ауаҩы иоуп. 

Аԥсуа ԥсыӡкыҩцәа анцәахаҵара рылан, еиуеиԥшым ацәырҵрақәагьы аҵакы рырҭон. 

Иаҳҳәап, аԥсыӡкҩы ԥсыӡкра данцо аҟәраан иқәшәар, қәҿиара изыԥшуп ҳәа ирыԥхьаӡомызт. 

Акалмаҳа зкуаз рыҵәгәыр аԥсыӡ анаҿашәоз, уи хынтә иақәжьцәон. Амшын аҟәара иазааигәаны инхоз, аԥсыӡкра наналагоз, амшын ахаҳәқәа аларыжьӡомызт амшын анцәахәы дыдмыргәамҵырц азы. 

  

-Иҭабуп даараӡа… 

Yazarın Diğer Yazıları

«Адырра ахьыҟам адоуҳагьы зыҟалом»

-Ҳаҭыр зқәу Баҭал Џьапуа; Аҧснытәи аҟазара аӡбахә анаҳҳәо, раҧхьа иаҳгәалашәо аҟазаҩцәа урылахәуп. Ҳара ҳгазеҭ Жинеҧс аҧхьаҩцәа, уусумҭақәа акырӡа ирызҿлымҳауп. Иааркьаҿны иуҳәозар, уҟазаратә нысымҩа иахыуҳәаауазеи?...

Лаҵарамза 21 Рзы Аҧсны…

Аԥсны иазгәарҭеит XIX ашәышықәсазы Кавказтәи ажәларқәеи Аурыс империеи рыбжьара имҩаҧысуаз аибашьраан зыҧсадгьыл аҟны ахырҵәара зықәшәаз, амҳаџьырра иалаӡыз ҳажәларқәа ргәалашәара амш. Лаҵарамза 20-23 рзы Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа...

Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны

1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Владислав Арӡынба ҳаҭырла...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img