Жәабранымза 21, Иеиду Амилаҭқәа Анаука‐Акультура Аиҿкаара (UNESCO) абзоурала, Абҵарамза 17, 1999 ашықәс Жәларыбжьаратәи Ахатәыбызшәа Мышны иалаҳәан.
2000 тәи ашықәс аахыс, адунеи аҿы акультуратә еиуеиҧшымреи, бзшәа рацәара адгыларазы, «Адунеи Ахатәыбызшәа Мышны» иныҳәахоит.
Иахьа Адунеи ақә, 7 ны зықь инарзынаҧшуа ахатәыбызшәала аицәажәара ҟаны, арҭ рҿынтә 2 ны зқьи 500 и рҟара иӡраны ашәарҭара ишҭагыло аӡбахәы ҳәарҭоуп.
Ҭырқтәыла имҩасуо 36 еиҧшым бзшәа шҟо идырзаргьы, UNESCO иалнакааз ала, 3 бзшәа ӡит. Арҭ абзшәақәа; Млаҳсо, Кападокиа Брзен Бзшәа’и, Убых Бзшәоуп.

UNESCO Ашәарҭара Иҭагыло Абызшәақәа Ратлас иунарбо ала, 18 бзшәа аӡразы ашәарҭара иаҿаҧшыуеит. Адыгбзшәеи, Аҧсшәагьы ирылахәуп.
Адныҳәаларақәа DEM Парти Жәабранымза 18 азы, Жәлар Реизара Ргрупа Аилатәараҿы, Ахада Ҭунџьер Бақырҳан, амчыбжь ахшьаара азиуит.
Иара убас аилатәараҿ, Жәабранымза 21 Адунеи Ахатәыбызшәа Амш инамаданы, Беиза Зеино Баирамоҕлу‐Қырҭбзшәала, Ҳурие Шьаҳин‐Ҳемшьин бзшәала, Мураҭ Мыҳџьы‐Армен, Билгье Еқьен‐Адыг, Џьумҳур Бал‐Абаза, Фериде Ақҭуран‐Зазақьи, Иеҭер Чевиқь‐Қурманчи, Георге Аслан‐Суриани бзшәала иааркьаҿны ажәақәак рҳәит.
Ныхыҵ Кавказ Ауаажәлар Рпалатагьы, Адунеи Ахатәыбызшәа Амш инамаданы акциак еиҿнакааит. Жәабра нымза 21 амш имҩаҧысраны иҟаз акциа, амш ыцәқьа амшала, Жәабранымза 26 азы Еиуҧсулҭан Культура Центр аҿы иҵабыргхит.
Исҭанбулынтәи 20 аилакы злахәыз амшгәырҕьаҿ; Адыг, Абхаз, Уаҧс, Чечен, Ҟарача бзшә ақәа рла ашәақәа, ажәеинраалақәа ҳәаны, акәаша рақәа мҩаҧган. Акциа алаҳә араҿы, «Бзшәа змам миле ҭгьы имам» иаҵшьаан.