«Аибашра иациит Владислав Арӡынба Фырхаҵа хадас дыззыҟалаз аепос ҿыц»

0
1381

-Геннади Аламиа, шәнапы злакәу аус ауаа ирҭахыу усуп ҳәа шәгәы иаанагома?
-Зегьы ртәы сызҳәом, аха алитература зыԥсҭазаара иахәҭакны иҟоу ауаа рацәаҩӡоуп. Арҿиара ус аҵара ҵаны унапаҿы иаауго усӡам. Уи ԥсҭазаароуп, Ҳазшаз иуыцишазароуп. Иахьа ҳәа мацара адәы иқәу ауаҩы изы аҭоурыхи аԥеиԥши зныԥшны идунеи зырҭбааша алитература аха имаӡам. Уи дрыцҳауп. Дырмит Гәлыиа зуасхыр шьҭеиҵаз аԥсуа литература ауп ҳажәлар егьырҭ ажәларқәа ирыламҩашьо иҟазҵаз. Иахьа аԥсуаа адунеиаҿ еицырдыруа иҟазар, зегьы раԥхьаӡа изыбзоуроу ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа роуп. Аӡәгьы имҳәааит, литературадагьы аӡәы ишьҭахь ҳгыломызт ҳәа. Алитература ажәлар ҩныҵҟала иарбеиоит, иарлашоит. Аеҵәақәа лашонаҵы ауп ианубарҭоу.

-Аԥсуа прозеи, апоезиеи иахьатәи рҭагылазаашьа, уаҵәтәи рԥеиԥш азы ишәҳәарц ишәылшоузеи?
-Агәра згоит ҳара ҳлитература аҭоурых ду иаԥсоу аԥеиԥш бзиагьы шазыԥшу. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, ара, Аԥсны еиԥш, ҳдиаспора аҟынгьы ицәырҵуа иалагеит даара уаҩы дзықәгәӷша, абаҩхатәра змоу апоетцәеи, апрозаикцәеи. «Ҳаӷеиҭа, зны амшын ҭабозаргьы, аҵыхәтәанӡа инхо цәыкәбаруп!» – ҳәа зны аҭак исҭар акәхеит, «шәара шәеиԥш ажәлар маҷқәа еишьҭагылан адунеи ианыҵуеит» – ҳәа ҳԥеиԥш аҵәаӷәа ахьызшьырц иақәызкыз зхыԥхьаӡара дуу жәларк рхаҭарнак. Агәра згоит аԥсыуак дыҟанаҵ ҳбызшәа шмыӡуа, ҳбызшәа ыҟанаҵ алитературагь ԥсра шақәым.

Г. Аламиа-Б. Еџьевит, Анкара-1992

-Шәара аԥсуа жәлар рхақәиҭреи, рхьыԥшымреи рзықәԥара шәаҿиижьҭеи акрааҵуеит. Иахьатәи ҳҭагылазаашьа шәышԥахәаԥшуеи?
-Аԥсуа жәлар шәышықәсала иззықәԥоз рхықәкы наӡеит. Иахьа Аԥсны зхы иқәиҭу, ихьыԥшым, адунеи атәылақәа жәпакы иазхарҵаз ҳәынҭқарроуп. Уи ҳамҭас аӡәгьы ишҳаимҭаз еиԥш, иҳамызхәагьы мчы ыҟаӡам. Ҳаҷкәнцәеи, ашәарҭаамҭаз урҭ иаарывагылаз ҳашьцәеи ршьала икәабоуп, иӡрыжәуп. Ҷыдала раԥхьа схырхәоит ҳашәҟәҩҩцәа, ҳҵарауаа, зырҿиамҭақәа рҿы ашәа ззырҳәоз рыԥсадгьыл аԥсреи абзареи ианрыбжьагыла зхы иамеигӡаз, зыҷкәнцәа рыԥсқәа ахҭнызҵаз. Аибашьра иациит Владислав Арӡынба фырхаҵа хадас дыззыҟалаз аепос ҿыц. Уи, ажәытәӡатәи Нарҭаа репос еиԥш, фырхаҵара мҩала ԥхьаҟа ҳагалоит.

-Аԥсуа диаспореи, Кавказ иқәнхо егьырҭ ҳаешьаратә жәларқәеи рбызшәеи ркәльтуреи еиқәдырхарц азы иҟарҵарц ирыхәҭоузеи?
-Англыз ҵарауаҩ ду, ҳамаҳә, Џьорџь Хьиут ишиҳәахьо еиԥш, шьарда зымчу рбызшәала иԥәажәалааит, еиҳау акгьы аҭахӡам!

***

Геннади Аламиа

иналукааша аҧсуа поет, аиҭагаҩ, апублицист. Диит 1949 ш. Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Ара И. Коҕониа ихьӡ зху абжьаратә школ далгеит. 1966 ш. Дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт афизика-математикатә ҟәша. 1969 ш. дцоит Москваҟа, дҭалоит Москватәи алитературатә институт, далгоит 1973 ш. Алитературатә институт аҿы алеқциақәа дрыҧхьоит аҧсуа литературеи афольклори рзы (1987-1988). Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла далоуп. Авторс дрымоуп апоезиатә еизгақәа: «Адәы иаҵәа», «Мышкы аҧсҭазаара», «Амцажәла», «Аҳаҧи ацәашьи», «Аҧшьаҭыҧ», «Иҟоуп ус амшқәа», «Хара ицатәуп… », «Алыҧшаах», «Ашацкыразы», «Араса аӡыхь», «Амахәҭақәа рымҩала» (урысшәала), «Ауаԥс ашәа» (уаԥс бызшәала), уб. егь. Аҧсшәахь еиҭеигахьеит: Грибоедов ирҿиамҭа «Зыхшыҩ зрыцҳароу», Шекспир – «Акрал Лир», «Иули Цезар», «Ромеои Џьулеттеи», Кальдерон – «Аҧсҭазаара ҧхыӡуп», А. Пушкин – (алирика, алакәқәа, атрагедиа маҷқәа) , М. Лермонтов, А. Блок, И. Саакиан, Г. Емин, Д. Алборты, Б. Еџьевиҭ, М. Ҷкоту, Н. Багов, И. Марцинкиавичус раҧҵамҭақәа. Г. Аламиа иҩымҭақәа англыз, афранцыз, аҭырқә,алемс, аболгар, амолдав, ауаԥс уҳәы кыр абызшәақәа рахь еиҭаганы акьыԥхь рбахьеит.

Косҭа Хеҭагуров иҩымҭақәа реизга «Ауаҧс ҧхьарца» аҧсшәахь иахьеиҭеигаз азы ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Аахыҵ Уаҧстәыла Аҳәынҭқарратә премиа. Ианашьоуп Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа.

Ианашьоуп аорден «Ахьӡ-аҧша» аҩбатәи аҩаӡара, аорден «Уаҧстәыла ахьӡ-аԥшазы».
Г. Аламиа дравторуп ашәҟәқәа «Владислав Арӡынба иаамҭа» (Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы изкны), «Аламыс аҧсҭазаара еиҳауп» (аинрал С.Сосналиев изкны), «Амҩа ааихиҵәар аҩны днеиуан» (Апоет Борис Гәыргәлиа изкны). «Жәлар рыхьӡала» (Инаалукааша аусҭҵааҩ М. Шамба изкны), «Лашарала иҭәу» (Аԥсны аӡыргаҩ ду, атеатрдырҩы О. Дубинскаиа илызкны), асахьаҭыхҩы, Аҧсны Абираҟи Агерби раҧҵаҩы В. Гамгиа изку альбом.

Г. Аламиа дыруаӡәкуп Аҧсны жәлар Рфорум аиҿкааҩцәа (1988), Кавказ Ашьхарыуа Жәларқәа Рконфедерациа ашьаҭаркҩцәа (дыҟан Аконфедерациа Ахада ихаҭыҧуаҩыс). Аҧсны Аҳәынҭқарра Агимн атекст авторс дамоуп. Дыҟан Аԥсны аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу асовет Ахантәаҩы В. Г. Арӡынба ихаҭыԥуаҩыс, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс, Апарламент аспикер ихаҭыҧуаҩыс. Акыр шықәса дыҟан Аҧсуа-абаза жәлар Рконгресс Амаӡаныҟәгаҩыс. Напхгара риҭон Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, ажурналқәа «Абаза», «Ачерқьес Дунеи», «Жәлар рыбжьы», «Асаркьал», агазеҭқәа «Аидгылара», «Афорум», «Аԥсадгьыл Аԥсны». Иахьа редактор хадас дамоуп ажурнал «Аԥсны аҟазара».

***

Сбызшәазы ашәа

Исҭахын иаԥысҵарц сбызшәазы ашәа…
Адәаҿы ихәмаруан ахәыҷқәа…
Исзыԥшаауамызт иахәҭоу ажәа…
Исԥырхагоушәа ахәыҷқәа рыбжьқәа,
Сгәаҿы ианииуа сбызшәаз ашәа,
Сгәы иснаҭон…
Сырцәыбналон ахәыҷқәа…

Исҭахын иаԥысҵарц сбызшәазы ашәа…
Арҩашқәа лбааҟьон,
Аӷьӷьа- агәгәа рыхга…
Иҟамызт, иааиргьы иахәҭоу ажәа,
Инасымҟәҵшәон бжьык анга.
Ишәаӡазшәагь, сбызшәаз ашәа,
Сгәы изҭыҵуамызт, аԥшшәы ахыгга…

Исҭахын иаԥысҵарц сбызшәазы ашәа…
Ахаҳә сса еилдырхәан ацәқәрԥақәа…
Исцәырымгарц исзымԥшаац сажәа,
Сырԥырҵуан ирццак сшьаҿақәа…

Сгәы иҭахәаҽуан сбызшәазы ашәа,
Ажәада- мҵәыжәҩада игәыкуа…

Исҭахын иаԥысҵарц сбызшәазы ашәа…
Сыԥсы цон ицәар ҳәа сшәаны,
Сахӡыӡаауан имииц сажәа…
Нас санықәла адунеи сиины,
Исымҳәаӡакәа сбызшәаз ашәа,
Аԥсра сԥеиԥшымхоз схәаҽны…

Абар, игоит сбызшәазы ашәа!
Сбызшәала ицәажәоит ахәҷқәа,
Исыԥшааит, абар, иахәҭоу ажәа:
Ирылыҩуеит ахәҷқәа рыбжьқәа;
Ирылаӡҩоуп арҩаш рашәа;
Ирхыҩуеит амшын ацәқәрԥақәа…

Сбызшәоуп
Сбызшәа ашәас иазыҟоу,
-Бзеира збаша!-ашәа сҳәоит.
– Ушԥаҟоу, ухаҵкы?
-Уҟоуп – сыҟоуп! –
Аԥсышәала аԥсшәа сҳәоит.

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz