«Аԥсуа бызшәеи ажәытәтәи аԥсуа ҳәамҭақәеи ӷәӷәала ирныԥшуеит аԥсуааи амшыни аиҿцаара шрымаз»

0
725

-Ҳаҭырзқәу Оҭар Ӡиӡариа; Иааркьаҿны ҳашәзааҭгылар ҳҭахуп Аҧсуааи амшынеи реизыҟазаашьа рҭоурыхтә хыҵхырҭақәа. 

-Амшын анапаҿы аагара, уи ахархәара иааира дуӡӡаны иҟоуп ауаҩы изы. Уи цхыраагӡа дуны иҟалеит ауаатәыҩса ркультура ашьҭыхраҿы, шьаҭасгьы иаман атехникатә прогресс. Мшынла аныҟәара, амшынеисра иаҿагыланы ақәԥара, ахәҳахәҭратә еимадарақәа рызҳара, амҿы аус адулараҿы аԥышәа аиура, аметалл арҭәара, аш асра, атәыла харақәа рхабар аилкаара, уаҟатәи ауаа рынхашьа-рынҵышьа адырра — абарҭқәа зегьы иалдыршон мшынла аныҟәара иадҳәалоу аусқәа реиӷьтәра, еиуеиԥшым аӷбақәа рыҟаҵара, мшынла акраамҭа аныҟәара. 

Ҳазну аамҭазы наукала иҭырҵаахьеит амшынеиқәаҿтәи аплемиақәа антикатәии абжьаратәии аепохақәа раантәи аҭоурых. Зегьраԥхьаӡагьы аӡбахә ҳәатәуп «Амшын Еиқәа аҩадатәи ахықәаҿтәи антикатә ҳәынҭқаррақәа рҟны арратә ус аочеркқәа» ҳәа хыс измоу В. Д. Блаватски иҭҵаамҭа. Аха уаҟа ҳара ҳазлацәажәо азҵаара иааннакыло аҭыԥ маҷуп. Амшын Еиқәа аҟны аныҟәара аҭоурых иазку дырраҭарақәак Б. Г. Петерс идиссертациа автортә реферат аҟынгьы иҟоуп. 

Ҷыдала мшынла аныҟәагақәа рызҵаара иазкуп апрофессор Г. А. Ӡиӡариа иусумҭа «Аԥсны мшынла аныҟәара аҭоурых аҟнытә». Иара убас иазгәаҭазарц ахәҭоуп апрофессор Ш. Д. Инал-иԥа ишәҟәы «Аԥсуаа рҭоурыхтә етнографиа адаҟьақәа» аҟны «Аԥсны мшынла аныҟәара аҭоурых иазку адырраҭара ҿыцқәа» зыхьӡу аҟәша. 

Аџьынџьтәылатәии аҳәаанырцәтәии алитератураҿы иазгәаҭоуп Амшын Еиқәа, еиҳаракгьы Аԥснытәи агаҿа ажәытәӡа инхоз аплемиақәа акультура ҳаракы шрымаз. Иҟоу аматериалқәа иаҳдырбоит аԥсуа бызшәа иалаҵәаны ишыҟоу мшынла аныҟәагақәа рыхьӡқәа рацәаны. 

И. П. Писаревски игәы излаанагауа ала, «аҭыԥантәи (амшынеиқәаҿтәи аплемиақәа — О. Ӡ.) мшынла аныҟәара аҭоурых ианалагаз абырзенцәа мамзаргьы римлианаа анааи нахыс акәӡам, уи ҳагоит Скифиеи Кавкази рыжәларқәа ажәытәӡатәи рыхҭысқәа рышҟа». 

Аҭоурых излаҳәо ала, финикиаа мшынла иаауан Кавказ амшынҿықә ашҟа (ахәҳахәҭразы, мчыла атәцәа ргаразы убас егьырҭгьы). И. П. Писаревски иҳәоит аӷбаҟаҵараҿы, ӷбала аныҟәара аиҿкаараҿы антикатәи ауааи амшынеиқәаҿтәи аплемиақәеи рԥышәа шеиҿырбаауаз. 

Г. А. Ӡиӡариа иазгәеиҭоит Аԥсны аӷбаҟаҵаразы иатаху аматәахәқәа зегьы шыҟаз. Араҟа «жәытәнатә аахыс иҟан аӷбақәа злырхуаз амҿымаҭәахә». 

Археологиатә ԥшаахқәа агәра злаҳдырго ала, неолит аепоха аан ауп Амшын Еиқәа аҟны аӷбарныҟәара напы анаркыз. И. П. Писаревски иазгәеиҭоит Аԥснытәи агаҿа маншәаланы ишыҟаз мшынла аныҟәара арҿиаразы, аԥсыӡкразы. 

Кистриктәи аиланхарҭа аматериалқәа иаҳдырбоит усҟантәи ауааԥсыра араҟа ишыҟарҵоз ақдеибга иалхыз анышьқәа. Археолог Б. А. Куфтин Колхидатәи аиланхарҭақәа рҟны аԥшаахқәа анҭиҵаауаз иазгәеиҭеит «имаҷымкәа ишаарԥшыз абақәа рцәынхақәа, акыцҳаԥшьқәа иркыз абақәа рсахьақәа, абасра иазку амаҭәарқәеи амыругақәеи. Еиуеиԥшым урҭ абақәа рхыԥхьаӡараҿы иахәҭоу аҭыԥ ааннакылеит аш. Иҟалап уи рсуазҭгьы афлот азы. Абри агәаанагара рхы иархәаны, археологцәа аӡәырҩы ирҳәоит абҩа аепохазы Кавказтәи аплемиақәа мшынла аныҟәара аан аԥша амч рхы иадырхәон ҳәа. 

Абырзенцәа рмифқәагьы ирҳәоит Амшын Еиқәа аҟны аҭыԥантәи аплемиақәа мшынла имҩаԥыргоз аныҟәарақәа ртәы. Иаҳҳәап, В. В. Латышев иҳәоит аргонавтцәа ирызку аҳәамҭақәа рҟны ишазгәаҭоу колхаа рҳәынҭқар Еет имоуп аӷбақәа рацәаны еидызкылоз афлот ҳәа. Аполлон Родосстәи иазгәеиҭоит Фрикс иԥацәа Еет рхы шицәыргаз колхидатәи аӷбала ауп ҳәа. 

 Г. А. Ӡиӡариа иҩуеит: «Ажәытәтәи адунеи иадыруан мшынла иныҟәоз афырхацәа — агениохцәа. Урҭ радгьыл, ҳара ҳера ҟалаанӡа актәи азқьышықәса азбжа инаркны, сгәы излаанаго ала, Елладеи Рими ажәытәтәи рышәҟәҩҩцәа зегьреиҳа бзиа ирбоз атәылақәа ируакын». Ажәа «гениох» бырзен бызшәала иаанагоит аиа «ныҟәызго», «имҩанызго». Излаабо ала, уажәтәи аԥсуаа рхылҵшьҭрагьы зхыԥхьаӡараҿы иҟоу Амшын Еиқәа амрагыларатәи агаҿаҟны инхоз аплемиақәа зегьы агениохцәа ҳәа ирышьҭан. 

Кавказтәи ажәларқәа мшынла аныҟәара андырҿиауаз Аԥхьатәи Азиеи Егеидеи ӷәӷәала ирымадамкәа изыҟаломызт. Иара убри аамҭазы, ҵарауаақәак ишазгәарҭо еиԥш, араҟа иҟан аҭыԥантәи аҷыдарақәагьы. И. П. Писаревски излазгәеиҭо ала, уи дырҵабыргуеит Тацит иажәабжь аҟны зыӡбахә иҳәо кавказтәи акамарақәа (XIX ашәышықәса актәи азыбжазы аԥсуааи ачерқьезцәеи акамара ҳәа иашьҭан мшынла изланыҟәоз аӷба хәыҷқәа). Урҭ хаҭабзиарала римаа рыӷбақәа иреицәаӡамызт. «Абас зыҟаломызт, иазгәеиҭоит Писаревски, — абри араион аҟны аӷбаҟаҵаразы ажәытәтәи атрадициақәа ыҟамзар». Амраҭашәара-кавказтәи агаҿа аплемиақәа амшын анапаҿы аагараҿы акыр ақәҿиарақәа шрылдыршаз атәы зҳәо даҽа фақткгьы ыҟоуп. Л. М. Меликсет-Беков иҳәоит, мшынла аныҟәараҿы абырзенцәа ирԥырхагаз ақәыларақәеи арҳәрақәеи уҳәа ирыхҟьаны, Амшын Еиқәа урҭ иахьӡырҵеит «Аксионтәи Понт» ҳәа. Арҭ ажәақәа бырзен бызшәала ҵакыс ирымоу «асас дыздызымкыло амшын» ҳәа ауп. Абри аҟнытә, ныҟәара Понтҟа ацара иаанагоз арыцҳара, амыҟәмабара ашҟа ацара ауп. «Понт дуӡӡа ахьынтә» ахынҳәра иазырҳәон «аҭахара ахьынтә» ахынҳәра ҳәа. Автор ишазгәеиҭо еиԥш, ашьҭахь абырзенцәа Амшын Еиқәа агаҿаҟны рҽанышьақәдырӷәӷәа, мшынла аныҟәарагьы дара рзы ианшәарҭамха, «Евксинтәи Понт» ҳәа ахьӡырҵеит. Уи иаанаго «асас дыздызкыло амшын» ҳәа ауп. 

«Аԥсуаа рҭоурыхтә етнографиа адаҟьақәа» зыхьӡу Ш. Д. Инал-иԥа иусумҭаҿы иҳәоит иԥасоу ашәышықәсабжьара аан Аԥсны Византиатәи аимпериа иахьыԥшны ишыҟаз, ҳаза ҳасаблагьы византиаа ишрынаҭоз мшынла аныҟәагақәа, амшын маҭәахәқәа. 

Аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсҭазаараҿы уинахысгьы амшыни дареи еимадан, еиҳаракгьы Аԥсуа ҳәынҭқарра аныҟаз аамҭазы. Византиа адагьы, XIII—XIV ашәышықәсақәа раан ахәҳахәҭра рыбжьан Аԥсни Адгьылбжьаратәи амшын иаԥныз атәылақәеи. 

Авторцәа аӡәырҩы ишазгәарҭо еиԥш, аҭырқәцәа Константинополь рнапаҿы ианаарга ӷәӷәала еиԥырҟьеит генуиааи кавказааи ирыбжьаз аилахәҳахәҭра. XVI—XVIII ашәышықәсақәа раан Кавказ агаҿаҟны, еиҳаракгьы Аԥсны ахәҳахәҭра знапаҿы иҟаз аҭырқәцәа ракәын. 

  

-Акырӡа иҵауло амшынтә култура шҳамаз зрыҵабыргуазеи уаҳа? 

-Ишдыру еиԥш, абызшәа аҭоурыхи ажәлар рҭоурыхи реимадара иабзоураны, акырӡа зҵазкуа ҭоурыхтә хыҵхырҭаны иҟоуп абызшәа. Л. Ельмслев иҳәон: «Ауаҩы иузиҟуыҭхом абызшәа, уи еснагь ицуп иара иҟаиҵақәо зегьы рҟны». 

Академик Н. И. Марр иҩуан: «…аԥсуаа ажәытәан амшын ус азы ргәылацәа ирырҵаҩцәаны иҟазарц рылшон»; «ақырҭуа ажәа «аԥра» аԥсуа бызшәа аҟнытә иагоуп. Ари иамоуп ажәартә ҵакы мацара акәымкәа, иашала акультуратә-ҭоурыхтә ҵакы: аԥсуаа мшынла ныҟәаҩцәақәак раҳасабала ргәылацәа ирымардон дара рымшынтә терминқәа… Аԥсуа бызшәеи ажәытәтәи аԥсуа ҳәамҭақәеи ӷәӷәала ирныԥшуеит аԥсуааи амшыни аиҿцаара шрымаз». 

Еиуеиԥшым ажәларқәа рбызшәақәа рҟны ажәа аҩнуҵҟатәи аформа иаҳнарбоит раԥхьа иара ҵакыс иамаз. Иаҳҳәап, Н. И. Марр излеиҳәо ала, аԥсуаа рҟны «аԥра» ашьаҭа ахьынтәаауа «а-ҧыр-ра» аҟнытә ауп. Мамзаргьы иаагап аԥсуа ажәа «ажәҩа» — амшыни аӡыжьқәеи рҟны анышьқәа, ирыҵшьны изладырныҟәо. Ауаҩы ижәҩақәа, инапқәа иреиԥшныршьалон уи. 

Абасала, ажәытәӡа аахыс аԥсуаа рекономикатәи ркультуратәи ԥсҭазаараҿы аҵак ду аман амшынтә транспорт. Ус шакәу рҳәоит жәытәнатә аахыс аԥсуа бызшәа иалалаз амшын иадҳәалоу ажәақәа рацәаны. 

-Аҧсуа рхы иадырхәоз амшын ныҟәагақәа изакәқәаззеи? 

-Ҳзацәажәаз аҭаҳмадцәа излаҳарҳәаз ала, аԥсуаа аӡаҿы раԥхьаӡа аныҟәара излалагаз аихасаҟәа (плот) ала ауп. Ақыдқәа еидҳәаланы акәын уи шыҟарҵоз. Арыԥхь дуқәа аҵшьуа акәын уи шдырныҟәоз. Уи ашьҭахь рхы иадырхәо иалагеит қдеибгак ҭцәааны иҟарҵоз ашхәа. Зқьышықәсала уи аҟаҵашьа еиӷьыртәуан. Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭантәи анхаҩ бырг Дбар Платон Џьыр-иԥа иҳәеит уи шыкарҵоз: «Аҵла ҭцәааны ашхәа алырхуан, аԥынҵа дырҭшәон, идырҵаруан, аӡы иҭыҳәҳәо иҟарҵон. Аварақәа ҭҿаны (икылҵәаны) ажәҩақәа арҭон (урҭ идуу амҳаԥқәа иреиԥшын). Абас иҟаҵаз аԥсуа шхәа иҭаӡон хәҩы-фҩы ауаа». 

Атауареимдара аизҳареи мшынла ахәҳахәҭра арҿиареи ирыбзоураны, аԥсуа шхәақәагьы рыҟаҵашьа еиҳа-еиҳа еиӷьыртәуан. Ашьҭахь ашхәақәа еиҳа идырҭбаауа, ишьҭнахуаз аидарақәа дыррацәо, аиарусқәа аҭаны, аԥша хырхарҭас иамаз дара ирымҩатәзар аԥрақәа рыла иныҟәо иалагеит. Абасала иҟалеит аԥраӷба, афлыка. Афлыкагьы аҵла иалырхуан, аха ҩ-иаруск аманы иҟасҵон. Ҵака ауаа аҿатәон, агәҭаны амызгәыҭ иадыркуан аԥрақәа. Аԥша анаслак аԥрақәа ҭанарчуан, аԥша хырхарҭас иахьамаз иагон афлыкагьы. Аԥша анамысуаз иныҟәырцон ажәҩақәа рыла. Зны-зынла ирхыбуан. Ашхәа излеиԥшымыз уиоуп, иара иацын жәҩала изырныҟәоз ауаа рацәаҩны. 

Ауаа быргцәа изларҳәо ала, аԥра иашахәҵәаӡа акәымкәа, ирнааны акәын амызгәыҭ ишадыркуаз. Аԥра здыркуаз арыԥхь афлыка аԥынҵахь ианыргалак, инааӡа ирыбжьындахоз аԥра иалшон аԥша аныҟамызгьы афлыка аҟәара иадхны амшын агәахьы агара. 

Аҷаратәи аԥсуаа ирыман акаифқәа, аканџьақәа. Г. Г. Копешавиӡе излеиҩуала, «урҭ (аканџьақәа – О. 3.) ҟаҵан аӷәыцәмаҟьақәа ирылхны. Аӷәыцәмаҟьақәа ырнааны хыхьынтә ҵаҟа илашьҭны, нацәак аҟара иҵаӷоу аӷәоуқәа (авакьыцқәа) ирыдырчаԥалон, зхаԥақәа ҭбаау аҵәымаӷқәа рыла. Арҭ аканџьақәа… роура 6 метрак инаӡон, рыҭбаара — 2,5 метра… урҭ ирҭаӡон 20—25-ҩык ауаа. Идырныҟәон ԥшьҩык ауаа, урҭ рахьтә ҩыџьа аканџьа аԥынҵа азааигәара итәаны ажәҩа аҵыршьуан, егьырҭ аҩыџьа ашьҭахь иҭатәаны ррыԥхьқәа аӡаҵа иҭаргыланы аканџьа иагәыҵасуан». 

Г. А. Ӡиӡариа ишазгәеиҭо еиԥш, аԥсуа флыкақәа ирызкны акрызҵазкуа адырраҭарақәа ҳарҭеит Гамба, насгьы Диубуа. Афранцыз ныҟәаҩы Гамба инҭкааны дахцәажәеит аа-жәҩак змоу афлыка: рыӡбахә иҳәеит уи ажәҩақәа, амшын анеисуа иара нызкылоз аҵәаҳә, аҩнуҵҟа аибыҭашьа, аҵа асахьа, агәҭа шыҟаҵоу, ашьҭахь ала уахьнадԥшыло изеиԥшроу. 

Аԥсуааи ачерқьезцәеи рфлыкақәа рыӡбахә иҳәоит даҽа францыз ныҟәаҩыкгьы — Жак-Виктор-Едуард Тебу де Мариньи: «Урҭ рфлыкақәа, сара уаанӡа избақәахьаз егьырҭ афлыкақәагьы реиԥш, рыҵақәа ҟьаҟьан… афлыка абаҩ ҵаӷа аварақәа надчаԥалан ҵәымаӷлеи амҿтәы ҵәқәеи рыла. Аԥынҵаҿы иҳаракны иаман ԥстәык ахы асахьа. Уи закәԥстәыз аилкаара акырӡа иуадаҩын, аха дара (аԥсуааи ачерқьезцәеи — О. 3.) изларҳәоз ала, абаӷь ахы акәын». Де Мариньи иҳәоит «ари зыхҟьаз, арҭ атәылаҿацәқәа рышҟа Фрикс дызланеиз абырзен ӷба аԥынҵа зырԥшӡоз аҭыӷь ахы асахьа шықәсырацәала иахьырхамышҭуаз акәзар ҟалап» ҳәа. Анаҩс аныҟәаҩ иҳәоит: «Афлыкақәа ирымаз ажәҩақәа даара икьаҿуп, изырку адаанқәа акырӡа иаууп, изырныҟәо иикша адаанқәа ықәчаԥоуп. Рхы иадырхәон аԥсҟи иԥшьыркцаз аԥра хәыҷи. Афлыкақәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп хынҩажәаҩык рҟынӡа зкуа адуқәагьы. Убарҭ рыла урҭ зны-зынла иаалырҟьаны ишрықәло бџьарла еибыҭам ахәҳахәҭратә ӷбақәа, иагьшырго… Арҭ ачерқьезцәа рхы иадырхәоз атранспорт ажәытәӡа «акамарақәа» ҳәа ирышьҭан». 

Хыхь зыӡбахә ҳҳәақәаз рыдагьы, мшынла ныҟәагас аԥсуаа ирыман аӷба. Еиуеиԥшым аҭоурыхтә-етнографиатә хыҵхырҭақәеи афольклортә материалқәеи рҟны рыӡбахә ҳәоуп ашхәақәеи аԥраӷбақәеи реиҳа акырӡа ирацәаны аиарусқәеи ажәҩақәеи змоу аӷбақәа. Аҭаҳмадцәа изларҳәо ала, аӷбақәа роура-рышәара еимаздоз агәыцә шалырхуаз, зоура дууз, иагьышәпаз аҵла. Уи агәҭа ҭырцәаауан, ахи аҵыхәеи ҵарны, аӡи аԥшеи ирылҵәраауа иҟарҵон. Аӷба ахӷәыра иқәырҵоз аӷәқәа ықәырчаԥон мҿтәы ҵәымаӷла. Авакьыц аган ҳаракӡамызт. Аӷба иаман ҩба-хԥа иарус, амызгәыҭ ҟарҵон агәҭаны. Аԥша ирымҩатәны иасуазар, аԥра ду шьҭырхуан. Уи адагьы, иҵегь еиҵаз аԥра арҭон, жәҩала изырныҟәоз ауаагьы рацәаҩын. 

  

-Аҧсуаа иахьа уажәраанза еиқәырханы иааргаз амшын иадҳәлоу ажәақәа, атерминқәа ирхышәҳәауазеи? 

-Хыхь ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, мшынла аныҟәара иамадоу адыррақәа аԥсуаа ироуан шәышықәсала. Аамҭакала ишьақәдыргылон уи иашьашәалоу атерминқәа — мшынла аныҟәагақәеи урҭ рыхәҭақәеи рыхьӡқәа. Ҳара ҳазлацәажәаз атерминқәа аагеит ажәлар рцәажәарақәа раан рхы иадырхәо, насгьы асахьаркыратә литератураҿы иаҳԥыло ажәақәа рҟнытә. Б. В. Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҟны амшын иадҳәалоу атерминқәа 40 инареиҳаны иҟоуп. Сара араҟа ҿырԥшыгас иаазгоит зыӡбахә сҳәахьоу рыдагьы аԥсуаа еиҳа ирдыруа терминқәак: азандал, аӷбашаха, аидаур (палуба), аӷба кыӷәра, апаран, аԥрахәа, аԥрамгәа, аԥсры (триум), аԥырсал, аҳәагәыжь убас егьырҭгьы. Аԥсуаа иара убас жәытәнатә аахыс рхы иадырхәоит амшыни аӡымҩаси ирымадоу егьырҭ ажәақәагьы, иаҳҳәап, аӡааҟәрылара, аҽӡаарҟәрылара, аҵаакәкәалара, ахәӡааҵәира, аӡеилаҽҽара, аӡсара, аӡхыӡлара, аӡыхгылара, аӡыблара, аӡхылара, аӡхыҵра, аӡхыгара, аӡхыҽҽара, ацәқәырԥара… 

Амшын иадҳәалоу ажәытә ажәақәа еиҳа-еиҳа ибжьаӡуеит аамҭа цацыԥхьаӡа. Уажәы аԥсуаа рахьтә еиҳа урҭ зхы иазырхәо абыргцәа роуп. 

  

-Иҭабуп даараӡа… 

https://youtu.be/noJkO8BhEN0


Оҭар Платон-иҧа Ӡиӡариа  

Апрофессор Доктор Оҭар Платон-иҧа  Ӡиӡариа диит абҵарамза 1, 1953 шықәсазы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.

Н. А. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратәи аԥсуа школ №1 даналга ашьҭахь дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт А. М. Горки ихьӡ зху. 1976 ш. О. П. Ӡиӡариа аус иуан Н. А. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратәи аԥсуа школ №1 аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс. 

1979 ш. О. П. анаукатә усуҩыс, аусура далагоит Апедагогикатә институт аҿы. Иҭҵаарадырра иациҵарц азы СССР анаукақәа ракадемиа иатәыз аспирантура дҭалоит, уи напхгаҩыс диман еицырдыруаз аҵарауаҩ, алингвист А. К. Шагиров. 

1984 ш. О. П. Ӡиӡариа ихьчоит акондидаттә диссертациа атема «Амшынтә терминқәа 

аԥсуа бызшәаҿы» ала. Иара абри атемала 2002 ш. иҭижьит амонаграфиа «Амшыни аԥсуааи» ҳәа хьӡыс измаз. 

1984 ш. инаркны аус иуеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә ауниверситет аҿы. 17 ш. афилологиатә факультет аҿы деканс дыҟан. 

Иахьазы Аԥсуа бызшәа акафедра № 1 еиҳабыс дамоуп. 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz