Аҩхаа наҟ-ааҟ еиҿаԥшуа ҩ-наарак рыла еиҵыхын, ҵаҟа илеиуаз аӡиас аҩхаа ҩганкны еиҟәнагон. Аҩганкгьы бнаран, еиуеиԥшым аҵлақәа рыла ихҟьан. Аҵлақәа ааԥынра иазыхиан, рымахәқәа џьоукы шәҭуан, џьоукгьы рыбӷьқәа ҭырхуан. Есышьыжьи есыхәылбыҽхеи аҩхаа аҩ-ганк иамоу абна аҟынтә, аҵарақәа ҩба изуқтәаз аҵла махәқәа рҟынтә еиқәҿырҭуан,ишәаҳәон,еицәажәон:
Шьапкека, шьапкека…
Аҩхаа азганк аҟынтә аруак аҭак ҟанаҵон:
-Шьапкека, шьапкека…
Сара сахьыҟәо аҟынтә, ашьыжь иаҿаз ахьшәашәараи, илаҳа-лаҳауаз абна аҳауа цқьаи рла сгәаҵәақәа ансырҭуаз, аҵарақәа рыбжьы, 7 шықәса анихыҵуаз зыԥсадгьыл аанзыжьыз сабду ишьапы хырҟьаҟьа дызнысыз амҩа ирынхалаз ишьҭақәа рахь исыхон уахь сыргон…
Иахьа, иаҳтахы-иаҳҭазым ажәытәӡа, ҳабдуцәа ршьапы хырҟьаҟьақәа изнысыз амҩақәа,ирхыргаз агәаҟрақәа, рхьаақәа ҳаргьы иаҳхьааны ҳшыҟоу Шьапкека, шьапкека ҳәа исаҳауа еиқәҿызҭуа аҵарақәа рыбжьы лабҿаба исгәаладыршәон…
Маи мза, ҳгәалашәарақәарҿы иҟьантазӡа, илабҿабаӡа абас инхеит; ари амза ҳара ҳзы ааԥынра аԥылара амза акәӡамызт, ааԥынрақәа наӡаӡа рыԥсра, риаӡаара амза акәын…
Лабе Ду аҩхаа аҟынтә,ҳҟьантәазӡа,мчыла ҳахзырҵәаз, ҳшьапқәа хырҟьаҟьа, иаҳхам иаҳшәым,иаҳшәыгьы ԥыжәжәа-мыжәжәа ианаҳашәхыҩыруаз, шәақь-ԥынҵала иҳаӷрасуа аӷбақәа ҳҭазцалоз Москватәи асолдаҭцәа рбаионетқәа амраҿы ицырцыруа икаҿҿон…
Амра иарҩаз,аџьыкац еиԥш иҟалаз анышәгәал мҩа аҟны, аныҟәара нас ашьапы хырҟьаҟьақәа, ацәеижь ахьанҭара ашьҭыхра рцәыуадаҩын, аҵарақәа ишырҳәо еиԥшҵәҟьа, шьапкека, еиԥш ҳциркькәашьон…
Ҳахҵәара ҟьантазӡан, иубарҭамызт…
Ҳахҵәара бжьыдан, абжьы уаҳаӡомызт…
Ҳахҵәара хьанҭан, иунырӡомызт…
Иахьа еиԥшҵәҟьа…
Ажәҩан хәашын, иҵаауан…
Амшынқәа еиқәаҵәаӡа изазон, ҿымҭран…
Адунеи алымҳақәа ҿыгәан, идагәан..
.
Адунеи зегьы ихааӡа ацәа ианалаз, ҳара ҳашыжәларыкыз ҳахдырҵәон, ҳабжы мыргакәа ҳҵәыуон…
Уи аҽны ҳабдуцәа зегьы, Прометеи (Абрыцкьыл) иеиԥш иҟалан, азынџьырқәа рла еиқәҿаҳәа, Москватәи аҳ, ашьауардын еиԥш, ԥсы зхои ауаа зегьы ргәаҵәақәа ҭыжәжәаны,ргьама баны ихәлаижьуан….
Урҭ ҵәыуаӡомызт, есыҽны ҿыц ииуан; раӷа абри рхьаа ӷәӷәа идмырбакәа иҿагылара нас ҳажәлар рԥеиԥш зыдҳәалоу асабицәа ргәы кармыжьразы…
Урҭ убла ихгыломызт, ицәажәомызт, акгьы еиҭарҳәомызт…
Урҭ џьыр-ҟамак еиԥш, рыԥсҭазаараҿы икьакьаӡа рхы ламырҟәӡакәа,еснагь рхы шьҭыхны игылан…
Урҭ рыԥсадгьыл ахь ирымаз абзиабара, агәхьаагара убриаҟара идуун…
Акыр шықәса ҳаԥсадгьылқәа рахь усгьы ҳхынҳәуеит ҳәа, рыҩнқәа рхыбрақәа қьалаҵас иҟаҵаны уажәаӡы ара ҳхоуп, ҳахынҳәуеит ҳәа игәыӷуан…
Аӡмахқәа раанда ашыӡ-чмазара ҳажәлар иқәнахуан…
Аибашьрақәа ҳарцәыхарахеит ҳәа ишгәыӷуаз, иахьааиз атәылаҟынгьы аибашьрақәа ирылахәымхар, иаланымҵәар ада ԥсыхәа рмамкәа иаақәхеит…
«Шәӷьычцәоуп» ҳәа рзырҳәеит, шәчарҳәаҩцәауп ҳәа рзырҳәеит, аха дара акгьы агәхьаа мкыкәа, аӡәгьы иҿаԥхьа рхы ламырҟәыкәа, аибашьрақәагьы рыхганы ифырхацәаны иалҵит…
Ҳрымбошәагьы ҟарҵеит, ҳраҭарымшошәа, ҳҟам-ҳнымшәагьы иҳазныҟәеит…
Урҭ зегьы иҩнуҵҟала, быжь-махәҭа змаз иԥшьоу аԥсҭазааратә ҵла, нас уи аҵла иҵаулаӡаз адацқәа змаз, рыжәлар еиқәхарц мацара азы уи аԥсҭазаара ҵла иахьынҳалт…
Абиԥарак ашьҭахь, адискурсқәа рҽырыԥсахит: «Османцәа абас абзиара ҳазырхеит, абас ҳадрыҭхаџьт, узҭацәо асаан уҟьашьыр ҟалаӡом», «Аурысцәа рыбзоурала ҳбызшәеи ҳаԥсадгьыли ақәӡаара иацәынхеит, наӡаӡа Урыстәыла ҳацны»… Избан?
Уара ухаҭа уакәымкәа, даҽаӡәы уакәны уҟазарц азы…
Урҭ ҳразҵаар ауп;
Аиаҭымцәа ҳхәыҷқәа рзы иҟашәҵазеи?
Ирыхьзеи еиҭымхаз ҳаӡӷабцәа?
Ҳбызшәа, ҳкультура, ҳлакәқәа, ҳлагьандақәа, ҳашәақәа? Абаҟау?
Ҳара ҳаума, мамзар шәара шәоума? Ииашам.
Зынӡа ихту Марс аҿы иҟаҳҵозеи ҳәа азҵаара ақәыргылара ҳара иаҳцәыхараны иҟоуп. Уажәы ҳахьынхо ари адунеи аҿы уаҵәы ҳажәлар рҟазаара ҳалшома?
Иҳаҩсыз зегьы, иҟалараны иҟоу зегьгьы, лабҿаба ҳҿаԥхьа игылоуп…
Ҳабсадгьыли ҳажәлари ма ишәҭыкакаҷны иҳаргылоит ма алақмар ҳәаны анышә иаҳҭоит…
Инеиԥынкыланы аҿымҭра аԥсра ауп иаанаго…
Ҳауаажәлар анышә еиԥш иҿымҭуп, ахныҟәгара уадаҩрақәа ишрақәԥоз, ҳажәлар рԥеиԥш азхәыцра рхашҭын, ҳапроблемақәа ирцәыхароуп…
Аха, абри аҩхаа иаҵәа аҟынтәи иаауа аҵарақәа рыбжьы шәмаҳаӡои, есышьыжьи хәылбыҽхеи ашәаҳәоит, ҳҭоурых ҳгәаладыршәарц, иаҳхаҳмыршҭырц азы; Шьапкека, шьапкека…
Иҳаҩсыз ҳахаҳмыршҭӡакәа, иаҳхаҳгаз ҳахьаақәа рҟынтәи ахшыҩҵак алыхны, ахеиқәырхара амҩа ҳажәлар ирыԥшаароуп.
Илабҿабоу абри аҵабырг аҿаԥхьа, агәымшәара аамрыԥшыкәа анагӡара зегьы рзы имариамзар ҟалап; Есыҽны згәаҵәа ԥыжәжәо Прометейцәа (Абрыцкьылцәа) раанда Сасруҟәакгьы, Несрен Џьеикгьы даҭахызар акәхап…
Шьапы-хырҟьаҟьа амҩа ҳашықәлаз еиԥш, ҳшьапы хытәқәа рла аныҟәара шҳалшогьы ауаа идҳарбароуп…
Адунеи аҿы иҟоу аҿымҭра ҳгәы канамжьроуп, избан акәзар, урҭ ршьапқәа рыла акәымкәа, ҳара ҳшьапы хырҟьаҟьқәа рыла ҳшьапы ҳахгыланы, ҳхатә мычқәа ҳарықәгәыӷны, насгьы адемократиа, аиашара, аиҟарара, ахақәиҭра, акзаара, ахьыԥшымра, адунеи зегьы зықәшаҳаҭу ауаҩытәыҩсатә зинқәеи ахақәиҭрақәеи рыла ҳцалар, ҳхықәкы ахь ҳнанагоит.
Маи 21, аԥхьатәи амшқәа ҳара ҳзы шӡынразгьы, ашьҭахьтәи амшқәа ҳара ҳзы ааԥынрахароуп…
Уибри аҟара иуадаҩӡаз, аха ихымԥадатәиз ахҵәара-мҩа иқәлаз ҳабдуцәеи, урҭ рықәҿызҭуаз аҵара шьапкекақәаи рыԥсқәа ҭынчзааит.
Еиҭазгаз: Ирфан Ахәаҷба